Аҟәатәи алхыҩцәа ирымоуп алшара аҩны рыбжьы рҭиирц

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи алхыҩцәа ирымоуп алшара аҩны рыбжьы рҭиирц
Аҟәатәи алхыҩцәа ирымоуп алшара аҩны рыбжьы рҭиирц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит 22 округ рҟны хәажәкыра 26 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 26 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи алхырҭатә округа № 7 акомиссиа алахәылацәа зцу акәыцҳа-еиҭага аиарҭа иамоу ма згәабзиара уашәшәыроу ауаа рыҩныҟақәа рахь инаргеит. Алхырҭатә ҭыԥ №1 акомиссиа ахантәаҩы Ламзира Шьынқәырԥҳа лажәақәа рыла усеиԥш 27-ҩык ауаа ыҟоуп ралхратә ҭыԥ иахьаҵанакуа.

"Арҭ ауаа абжьыҭирахь ааира рылшо иҟам. Ҳара дара рҭахра инақәыршәаны рыҩныҟақәа рахь ҳнеиит", — лҳәеит лара.

Лара ишылҳәаз ала ас иҟоу ауаа алхрақәа мышкы иадамзаргьы ишыбжьоу арзаҳал рҩыроуп аҩны абжьыҭира шырҭаху азы. Убри аан иарбанызаалак документ-цҵак аҭахны иҟам.

Гагра араион аҟны рыбжьы рҭихьеит 5288-ҩык алхыҩцәа - Sputnik Аҧсны
15 сааҭ рзы Гагра араион аҟны рыбжьы рҭихьеит 5288-ҩык алхыҩцәа

Раиса Ашәԥҳаи лара лхаҵеи абри амаҵзура рхы иадырхәеит.

"Згәы бзиам ауаа рзы ари иманшәалоу усуп. Алхратә ҭыԥ аҟны сыбжьы сҭир сҭахуп, аха сгәабзиара уи сылнаршом", — лҳәеит лара.

Акомиссиа алахәылацәа дреигәырӷьо дырԥылеит Лелиа Гериаԥҳагьы.

"Абжьыҭира сзымнеиит. Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит арахь шәахьысзааз. Иахьа иалаҳхуа ауаҩы ҳтәыла дахәо анцәа дҟаиҵааит", — лҳәеит лара.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит 22 округ рҟны хәажәкыра 26 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0