Аекспертцәа имҩаԥысуаз алхрақәа рзы: аполитикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАпарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысит хәажәкыра 26 рзы
Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысит хәажәкыра 26 рзы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысит хәажәкыра 26 рзы. Алхрақәа рымҩаԥысшьеи атәылаҟны аполитикатә ҭагылазаашьеи ирылацәажәоит аекспертцәеи аполитологцәеи.

Sputnik, Бадри Есиава

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысит иҭышәынтәаланы, аилагарақәа рыда, ҳәа азгәалҭеит Аԥсны Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭела Акаԥҳа.

"Сара ишызбо ала алхрақәа мҩаԥысит иҭынчны, ҳаҭыреиқәҵарыла. Аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа Ацентртә алхратә комиссиа ианыҟанаҵо ҳәа ҳазыԥшуп. Иҟало аабап", — лҳәеит лара.

Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ лгәаанагарала, ауаажәларраҟны аиҿагылара алаҟәра азгәоуҭартә иҟоуп.

Апсны алхрақәа хыркәшахеит - Sputnik Аҧсны
Апсны алхрақәа хыркәшахеит

"Апарламент аҟны еиуеиԥшым аполитикатә фракциақәа аԥҵахоит. Урҭ ироуеит алшара ацивилизациатә ҟазшьа аманы аицәажәара. Сара сгәаанагарала уи иҵоуроу ҭагылазаашьоуп", — лҳәеит Акаԥҳа.

Лара илҳәеит дышгәыӷуа, ҿыц иалырхыз адепутатцәа адиалог амҩаԥгара рылшап ҳәа.

Анаԥшҩы Лиана Кәарҷелиаԥҳа илҳәеит, алхрақәа аҩбатәи ртур ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥган ҳәа.

"Иарбанызаалак алхырҭатә ҭыԥ аҟынтәи акандидатцәа рҟынтәи гәынамӡара аарԥшымызт. Апроблемақәа ыҟан алхратә компаниаан. Иҟан изҳәоз абжьқәа раахәара иаҿуп ҳәа. Ари изызхәыцтәу акоуп. Ԥсыхәа зламоу ала иаԥырҟәҟәаатәуп", — лҳәеит лара.

Кәарҷелиаԥҳа лажәақәа рыла, абжьқәа раахәара алхратә процесс аҟны аҭыԥ амоуп. Аха уи зхараны илбо алхыҩцәа зегь рзеиԥшреи азинхьчаратә органқәа ишахәҭоу аус ахьырымуеи роуп.

Аполитикатә кониунктура Ацентр адиректор Алексеи Чеснаков игәаанагарала, атәыла анапхгара ирылшеит аибарххарақәа раԥыхра, аоппозициа азинтә еиҿцәажәарахь рырхынҳәра.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: агәрагара сымоуп Апарламент ҿыц ишахәҭоу аусура алшап ҳәа

"Ҩымчыбжьа раԥхьа имҩаԥысыз актәи атур проблема цәырнамгеит. Аоппозициа актәи атур агәыӷра рнаҭеит, аха аҩбатәи атур аан дара амчқәа рзымхеит. Аҩбатәи атур аихшьаалақәа рыла Апарламент ахь инеиз реиҳараҩык иахьатәи амчрақәа ирыдгылоит", — иҳәеит Алексеи Чеснаков.

Алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥгараан иарбанызаалак еилагара аҭыԥ амамызт, иҳәеит Кавказ апроблемақәа Рцентр анаукатә усзуҩ еиҳабы Николаи Силаев.

"Абри ауп иахьазы ихаданы иҟоу. Апарламент инагӡаны амчрақәа иртәны иҟамзаргьы, аоппозициаа иртәуп ҳәагьы иузшьом" – иҳәеит Силаев.

Иара игәаанагарала Аԥсны Апарламент аполитика аганахь ала есқьаангьы абасеиԥш иҟалоит. Силаев иажәақәа рыла, ишахәҭаз рхы рзаамырԥшит аполитикатә партиақәа.

Аполитологцәа иазырыԥхьаӡоит аполитикатә еиҿагыларақәа, аилибамкаарақәа адәы иқәганы апарламенттә плошьчадкахь инагатәуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0