Аԥснытәи ашколхәыҷ ашахмат азы Европа ачемпионат ахь дцоит

© Sputnik / Томас ТхайцукДаниил Ҳалбад ашахмат азы жәларбжьаратәи ачемпионат аҟны аиааира игеите
Даниил Ҳалбад ашахмат азы жәларбжьаратәи ачемпионат аҟны аиааира игеите - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Даниил Ҳалбад Краснодартәи атәылаҿацә аҟны имҩаԥысуаз ашахмат азы жәларбжьаратәи ачемпионат аҟны аиааира игеит.

АҞӘА, хәажәкыра 29 — Sputnik, Владимир Бегунов. Даниил Ҳалбад Краснодартәи атәылаҿацә аҟны ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаԥысуаз ашахмат азы жәларбжьаратәи ачемпионат аҟны аиааира игеит. Абри атәы ҳзааицҳаит Аԥсны ашахмат азы Афедерациа аиҳабы Константин Ҭыжәба.

Даниил актәи аҭыԥ ааникылеит быжь-шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рыбжьара.

"Даниил иигаз аиааира иалнаршоит Черногориа имҩаԥысраны иҟоу Европа ачемпионат иалахәра", — иҳәеит Константин Ҭыжәба.

Уаанӡа, жәабран 20 рзы Аԥснытәи ашколхәыҷқәа алахәын ашахматтә фестиваль "Moscow Open-2017".

2016 шықәса рзы Европа ачемпионат мҩаԥысит бырзентәыла. Иара иалахәын 21 тәыла рҟынтәи 258-ҩык аспортсменцәа қәыԥшцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0