Ԥарулуа: жәлар ринструменталтә ҟазара ыӡыртә ашәарҭара ыҟаӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Ԥарулуа
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Ԥарулуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Ԥарулуа жәлар ринструменталтә ансамбль "Аԥхьарца" асахьаркыратә напхгаҩы арадио Sputnik астудиаҿы еиҭеиҳәеит Нальчик излахәыз афестиваль атәы.

АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Жәлар ринструменталтә ансамбль "Аԥхьарца" ақалақь Нальчик аҟны имҩаԥысуаз афестиваль аҿы адиплом аҩбатәи аҩаӡара ранаршьеит. Абри атәы иҳәеит Даур Ԥарулуа. 

"Уигьы цәгьам ҳәа исыԥхьаӡоит, избанзар иалахәыз ансамбльқәа рыҩаӡара ҳаракын, — иҳәеит Ԥарулуа. – Кавказ иқәынхо егьырҭ ажәларқәа рҟазара рбеит ахәыҷқәа". 

Аинструменталтәқәа рыдагьы ахореографиатә ансамбльқәа алахәын афестиваль, имҩаԥысуан асахьаркыратә аԥхьара. 

Даур Ԥарулуа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа инарҷыданы аицлабра иалахәын ансамбльқәа Волгодонскынтәи, Волгоградынтәи, Афганистан, Пакистан, Африка рҟынтәгьы иҟан. 

Хәажәкыра 24 рзы иалахәын Нальчик ахореограф Амерби Кулов 70-шықәса ихыҵра иазкыз аиубилеитә концерт. 

Даур Ԥарулуа игәалаиршәеит 2015 шықәсазы ансамбль "Аԥхьарца" Черқьесск афестиваль ишалахәыз, усҟангьы аԥхьахә ҭыԥ шаннакылаз. Аԥснытәи аицлабрақәа руак аҿы агран-при ранашьахахьеит. 

"Ахәыҷқәа еилыркаауеит есымша актәи аҭыԥ аанкылара шзамуа. Аҩбатәи аҭыԥгьы цәгьаӡам. Еиӷьны аҽазыҟаҵаразы агәацԥыҳәара роуеит. Ақалақь аҿы ирбаз-ираҳаз маҷӡам. Аекскурсиақәа рзымҩаԥаҳгеит. Нальчик ақалақьаҿы хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ирызку абаҟа ахьгылоу "Аԥсны ашҭа" ҳәа захьӡу аҿы инеины амҵан ашәҭқәа шьҭаҳҵеит.  Ахәыҷқәа ирзеиҭаҳҳәеит Аԥсны ҿиаларц, ахақәиҭра зхы ақәызҵаз, хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рыбзоурала шаку", — иҳәеит Ԥарулуа.   

Ансамбль  "Аԥхьарца" иалахәуп аиҵбыратә гәыԥ иаҵанакуа 15-ҩык 10-шықса зхыҵуа ахәыҷқәа. 

"Агәаҳәара рыманы инеиуеит. Реиҳабацәа иҟарҵо, иахьықәгылақәо рбоит. Ирҿыԥшны даргьы ахәмарра рҭаххоит. Жәлар ринструменталтә ҟазара ыӡыртә аҭагылазаашьа ыҟаӡам", — азгәеиҭеит Даур Ԥарулуа. 

Ԥхьаҟагьы иазыԥхьагәаҭаны ирымоуп ақәгыларақәа, лаҵарамза 6 рзы Гагра имҩаԥысраны иҟоу акультуратә еиҿкаарақәа еидызкыло аконцерт ахь ааԥхьара роухьеит.  

Ажәабжьқәа зегьы
0