Акоммуналтә усбарҭа: Аҟәа ауааԥсыра аӡы роуеит ахәаша, асааҭ 12 рзы

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАуааԥсыра ӡыла реиқәыршәара хацыркхоит ахәаша, асааҭ 12 рзы
Ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара хацыркхоит ахәаша, асааҭ 12 рзы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь агәи, Ажәытә ҳаблеи, ВИЕМ араион иахьаҵанакуеи ауаа ӡыда иҟоуп аԥшьаша, хәажәкыра 30 раахыс.

АҞӘА, хәажәкыра 31 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара хацыркхоит ахәаша, асааҭ 12 рзы ҳәа адырра ҟаиҵеит акоммуналтә нхамҩа Аусбарҭа аиҳабы Дмитри Аҳәба.

Акапиталтә ргылара Аусбарҭа аҿаҵала Март 4 амҩа аҟны амагистралтә труба ашьҭаҵараз аусурақәа мҩаԥысуеит. Проблеманы иҟалаз аусурақәа иазыԥхьагәаҭаз аамҭа ирызҭамыгӡеит.

"Атруба анышьҭоуҵалак ашьҭахь аус зуа асистема иаԥшьтәуп. Уи аус уахыки-ҽнаки рыла инагӡазар акәын. Аха аиҵахарақәа ҟалеит. Уажәазы аусурақәа рхыркәшарахь инаргахьеит. Сааҭк ҩ-сааҭк рыҩныҵҟа ауааԥсыра аӡы роуеит", — иҳәеит Аҳәба.

Абри амҩаҟны ицоз аусурақәа ирыхҟьаны жәабран 8 рзгьы аӡы аанкылан. Аусбарҭа аиҳабы ишиҳәаз ала атрубақәа ҩбаны ицоит: руак ихадоу ауп, егьи аҩнқәа рышҟа аӡы нанагоит.

Асеиԥш иҟоу аусура мҿхакыҭбаақәа анцо иааныркылоит аӡынасостә станциақәа русурагьы.

"Уажәазы Араион ҿыц аҟны аӡы ыҟоуп. Иацы Турбазеи Синопи араионқәа рҟынгьы аусурақәа ирхырҟьаны аамҭақәак аӡы аанкылан. Уажәы уаҟагьы ауааԥсыра ӡыла еиқәыршәоуп", — иҳәеит Аҳәба.

Аҳәба ишиҳәаз ала аусурақәа нагӡаны ихдыркәшаанӡа аӡы рзоушьҭӡом.

Ажәабжьқәа зегьы
0