Аҟәа ауааԥсыра ақалақь Ахадареи ақалақьтә Еизара адепутатцәеи рыхьӡала ашәҟәы рҩит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа аҳҭнықалақь Ахадара
Аҟәа аҳҭнықалақь Ахадара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
400-ҩык рҟынӡа рнапы аҵаҩуп Аҟәа ақалақь Ахада ихьӡала иҩу аколлективтә шәҟәы. Знапы аҵазҩыз аҳәара ҟарҵоит иқәыргылоу азҵаарақәа рҭак роурц.

АҞӘА, мшаԥымза 4 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ауааԥсыра ақалақь Ахадареи ақалақьтә Еизара адепутатцәеи рыхьӡала ашәҟәы рҩит. Ашәҟәаҟны дара аҳәара ҟарҵоит ақалақь амҩадуқәеи атротуарқәеи рремонт аныҟарҵои убри аганахь ала усурақәас иазыԥхьагәаҭои рзы аинформациа роурц. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит ашәҟәы аҩра аԥшьгаҩцәа ируаӡәку Елена Кувичко.

"Ашәҟәқәа ҩба наҳашьҭит ақалақь Ахадарахьи ақалақьтә Еизара адепутатцәа рахьи. Ҳара иаҳҭахуп ақалақь амҩадуқәеи атротуарқәеи рремонт аныҟарҵои убри аганахь ала усурақәас иазыԥхьагәаҭои рзы аинформациа ҳаурц. Иаҳҭахуп иаадырырц анапхгара планқәаны ирымоу, аусурақәа рыҿҳәарақәеи ишьақәыргылоу асметақәеи" — лҳәеит лара.

Кувичко иара убри аан илҳәеит, ашәҟәы знапы аҵазҩыз ишырдыруа ақалақь аинфраструктура апроблемақәа зегьы ашәымҭак ала рырҽеира шзалымшо.

"Ҳара иаҳҭахуп иаадырырц ақалақь аҟны аҭагылазаашьа аҭыԥ ианықәҵахо. Уи мҩаԥгашьас иамоу ҳәа ргәы иаанаго. Ҳара аполитика аус мҩаԥаагаӡом. Ари ҳара ҳаграждантә позициоуп", — лҳәеит лара.

Ашәҟәы аҟны ирзааҭгылоуп амҩадуқәа рҭагылазаашьақәа.

"Атротуарқәа рыҟамзаара иахҟьаны шьапыла иныҟәо ауаа амҩақәа ирнуп. Уи ашәарҭаратә ҭагылазаашьа аԥнаҵоит. Ауаа рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭанаргылоит", ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0