Урыстәылатәи атурагентцәа Аԥсны иаҭааит

© Sputnik Владимир БегуновАӡиа Риҵа
Аӡиа Риҵа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
90 рҟынӡа Урыстәыла атурагентствақәа рхаҭарнакцәа Аԥсны иаҭааит атуристтә обиектқәа рбаразы.

АҞӘА, мшаԥымза 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥшьымш рыҩныҵҟа Аԥсны иааны иҟан аӡыргаратә усура мҩаԥызгоз атурмаҵзура "Интурист" ахаҭарнакцәа, иҳәеит ҳзыҿцәажәоз Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

"Иахьазы Аԥсны иаҭааны иҟан 90 рҟынӡа туристтә маҵзура. Дара Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа зегьы рымҽхаркуеит", — иҳәеит иара.

Ахба иажәақәа рыла "Интурист" аус ацызуа атурагентцәа ирымоуп алшара ҳтәылазы инарҭбаау аинформациа роурц. Уи, нас Аԥсныҟа атуристцәа рааразы аҭагылазаашьа маншәалақәа аԥнаҵоит.

Асҭамыр Ахба иҳәеит арҭ амшқәа ирылагӡаны атуристтә агентцәа ареспублика араионқәа зегьы ишырҭааз. "Интурист" аус зыцнауа аобиектқәа еиҳа-еиҳа ирызҳауеит, иҳәеит Ахба.

Хәышықәса ирықәуп "Интурист" Аԥсны иахьаҵанакуа аус ауеижьҭеи. Есышықәса, акурорттә сезон алагамҭаз иара ара аус зыцнауа аобиектқәа ргәаҭара мҩаԥнагоит.

"Асеиԥш иҟоу аӡыргаратә турқәа ареспубликаҿ иҟоу аобиектқәа еиҳа инарҭбааны дырдырра иахәоит", — иҳәоит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0