Боциев: Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада иалхраан Аԥснгьы иаатуеит абжьыҭирҭатә ҭыԥқәа

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕдиный день голосования за рубежом
Единый день голосования за рубежом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев далацәажәеит Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада иалхрауснагӡатә аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа.

АҞӘА, мшаԥымза 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны иаадыртуеит абжьыҭирҭатә ҭыԥ иҳәеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

"Ҳзакәанԥҵара инақәыршәаны Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо мамзаргьы аамҭала иҟоу ирымоуп абжьыҭира ахалархәра", — иҳәеит Боциев.

Алхрақәа рхы рыладырхәраны иҟоуп 50-ҩык рҟынӡа.

"Алхрақәа раан анаԥшыҩцәас ҳәа иҟалар алшоит акандидатцәа рхаҭарнакцәа реиԥш Аахыҵ-Уаԥстәыла иҟоу апартиақәа рхаҭарнакцәагьы", — иҳәеит Боциев.

Иара убасгьы абри аҽны имҩаԥгахоит ареферендум – Аахыҵ Уаԥстәыла аҭоурых хьӡы Аланиа азырхынҳәразы.

"Абри амш аҽны имҩаԥгахоит ареферендум, ареспублика аҭоурых хьӡы азырхынҳәразы. Азҵаара абасеиԥш иқәгылоуп: "Шәақәшаҳаҭума Аахыҵ Уаԥстәыла Аконституциа актәи ахәҭаҷ аԥсахра алагалара абри аредакциала: Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәыла –Аланиа, Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рхатәҳәаақәҵарала иаԥҵоу суверентә ҳәынҭқарроуп", ҳәа.

Олег Боциев иҳәеит, ахьӡқәа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аланиеи еиваҟәалоит, еиҟароу амчра рымоуп ҳәа.

Ареферендум аҟны атәылауаа ареспублика ахьӡ ҿыц рыдыркылар иара абасеиԥш иҟалоит: Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәыла, аҳәынҭқарра Аланиа.

Алхрақәа ирылахәуп акандидатцәа: атәыла Ахада Леонид Тибилов, Апарламент аиҳабы Анатоли Бибилов, Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩ Алан Гаглоев.

Ажәабжьқәа зегьы
0