Аԥстәқәа рыхьчаҩ: Аԥстәқәа рышьра ахаангьы агуманизмра аҵам

© Sputnik / Томас ТхайцукАлақәа
Алақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥстәқәа рыхьчара афонд "Агәыӷра" ацшьаҭаркҩы Карина Колпакчиан далацәажәеит Аԥсны аԥстәқәа рызныҟәашьа атәы.

АҞӘА, мшаԥымза 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥстәқәа рышьра ахаангьы агуманизмра аҵам, лҳәеит Аԥстәқәа рыхьчара афонд "Агәыӷра" ацшьаҭаркҩы Карина Колпакчиан.

"Аԥстәқәа рышьра ахаангьы агуманизмра аҵам. Ашьра – шьроуп", — лҳәеит лара.

Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура алақәа рышьра инадҳәаланы ирҳәоит "ақалақь аҩныҵҟа алақәа дырцәоит, ақалақь анҭыҵ – иршьуеит", ҳәа. Усгьы егьысгьы иҟоу ԥсроуп, ҳәа ацылҵеит лара.

"Ҵыԥх, ахәыдхаҵа зхаз сла, алақәа ианыриехсуаз иақәшәеит. Аҩнынӡа аԥсы аанагеит. Сыла ишабоз иԥсуан. Иара убри аамҭазы еимгәан, авакцина азыҟасҵахьан. Ахаан аӡәы имыцҳацызт, изымыцҟьацызт", ҳәа еиҭалҳәоит Колпакчиан. Иара абри ахҭыс ашьҭахь ауп аԥстәқәа рыхьчара анхацлыркыз.

"Аветеринартә маҵзура иҭынхадоу аԥстәқәа рацәоуп ҳәа рҳәоит. Уи иахылаԥшраны иҟада? 2006 шықәса раахыс аус ауеит Аминистрцәа Реилазаара ақәҵара. Уаҟа иарбоуп аԥстәқәа рырцәара дара аргәаҟуам ҳәа, аха алақәеи ацыгәқәеи усеиԥш рышьраангьы ихәаҽны, игәаҟны ауп ишыԥсуа. Аԥстәы ашьра ҟалоит ҭагылазаашьа заҵәык аан – аԥстәы ауаҩы изы ашәарҭара анамоу", — лҳәеит лара.

Колпакчиан лажәақәа рыла "Аветеринариа азы Азакәан" аус адулара аҭахны иҟоуп.

"Азакәан арҽеирақәеи аиҭакрақәеи аҭахны иҟоуп. Ибзианы еилыскаауеит алақәеи ацыгәқәеи рраҟәаразы иазхо аԥара ыҟам, уи адагьы уи зламҩаԥырго амыругақәагьы рымам", — лҳәеит лара.

Аԥстәқәа рраҟәара апроблема Афонд "Агәыӷра" ахахьы иагоит, избанзар дара рышьра алҵшәақәа аанагом.

"Ацивилизациатә тәылақәа зегьы рҟны уи иазкылсхьеит", — лҳәеит лара.

Аԥстәқәа рыхьчаҩцәа Апарламент адепутатцәа акырӡа ирықәгәыӷуеит иҭынхадоу аԥстәқәа рпроблема аӡбразы.

"Ажәалагала ҟаҳҵарц ауп аԥстәқәа рзы Азакәан рыдыркыларц. Ацивилизациатә ҳәынҭқаррақәа асеиԥш иҟоу азакәанқәа хымԥаданы ирымоуп", ҳәа иазылыԥхьаӡоит Колпакчиан.

Лара ишылҳәо ала алақәеи ацыгәқәеи зегьы ршьыр ақалақь рымпыҵаркуеит аҳәынаԥқәа, амаҭқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0