Иерусалимтәи апатриарх: Аԥсныи ауаажәлари рзы Анцәа сиашьапкуеит

Иерусалимтәи апатриарх Феофил III ҳамҭан ирҭеит Афон ҿыц иҟоу ахацәа рберҭыԥ асахьа
Иерусалимтәи апатриарх Феофил III ҳамҭан ирҭеит Афон ҿыц иҟоу ахацәа рберҭыԥ асахьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснынтәи абарҭ амшқәа рзы Иерусалим иҟоу аныҟәаҩцәа Иерусалимтәи апатриарх Феофил III ҳамҭан ирҭеит Афон ҿыц иҟоу ахацәа рберҭыԥ асахьа.

ИЕРУСАЛИМ, мшаԥымза 11 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥснынтәи абарҭ амшқәа рзы Иерусалим иҟоу аныҟәаҩцәа Иерусалимтәи апатриарх Феофил III ҳамҭан ирҭеит Афон ҿыц иҟоу ахацәа рберҭыԥ асахьа. Феофил III гәахәара дула идикылеит изнаргаз аҳамҭа, иагьиҳәеит иара Аԥсни Аԥсны иқәынхо ажәлари рзы Анцәа дышиашьапкуа.

"Сара Анцәа сиҳәоит шәара, ара, Аԥшьа дгьыл аҟны шәыҟазаара лашазарц, иара шәзызиҳәо нагӡахарцаз. Ара иҟоу шәзы мацара акәымкәа Аԥсныи Аԥсны иқәынхо ажәлари, шәтәыла аиҳабыреи рзы Анцәа сиҳәоит. Ҳара зегьы уахәамак ауп ҳазҵаныҳәо, ҳазҵазкуа. Убри азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалароуп еилибакаарала, бзиеибабарала аицынхаразы. Уи ауп Иаҳхылаԥшхәугьы аханатә иҳаиҳәо", — иҳәеит апатриарх.

Аԥшьа Симон Кананити Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәии рыхьӡ зху Афонд ахантәаҩы Рауф Ҳаразиа Феофил III изеиҭеиҳәеит ҵыԥх Иерусалимнтәи Аԥсныҟа ишнагаз Амца ԥшьа.

"Шәара сынтәагьы аамҭа ԥшааны ҳшәыдышәкылеит. Иаҳҭахуп абрахь ҳаара, Амца ԥшьа аҟәырҷаха Аԥсны иқәынхо ажәлар рхьыгӡара традициак еиԥшны иҟаҳҵарц. Иаҳҭахуп ҳажәлар Анцәа иџьшьара рыгымхарц", — иҳәеит Ҳаразиа.

Аԥснынтәи абарҭ амшқәа рзы Иерусалим иҟоу аныҟәаҩцәа Иерусалимтәи апатриарх Феофил III ҳамҭан ирҭеит Афон ҿыц иҟоу ахацәа рберҭыԥ асахьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0