Александр Анқәаб ишьра зыгәҭакыз абахҭа иҭаркуеит

CC0 / / Александр Анқәаб ишьра зыгәҭакыз абахҭа иҭаркуеит
Александр Анқәаб ишьра зыгәҭакыз абахҭа иҭаркуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥымза 11 рзы имҩаԥысит Александр Анқәаб иԥсҭазаара иалхәыдатәразы аҭыԥ змаз аҽазышәара инадҳәаланы аӡбаҩцәа реилатәара. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаратә коллегиа ашьауӷа рыдыркылеит.

АҞӘА, мшаԥымза 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны уаанӡатәи Ахада Александр Анқәаб ишьразы аҽазышәара ҟазҵаз ауааԥсыра рыхәҭа бахҭала ирхыргаразы аӡбра аднакылеит. Рамзи ҳашыги Асҭамыр Хәытабеи бахҭала ирхыргароуп 20-20 шықәса.

Ашықәсԥхьаӡара хацыркхоит дара абри аус аганахь ала ианааныркыла арыцхә инаркны (2012 шықәса мшаԥымза инаркны). Алхас Хәытаба бахҭала иқәҵоуп 19 шықәса ахгара, Едгар Ҷыҭанаа – 14 шықәса, Едлар Ҷыҭанаа – 15 шықәса, Русҭан Гыцба – 9 шықәса. Мурҭаз Сақаниагьы ахара идуп ҳәа шьақәырӷәӷәан, 4-шықәса иқәҵан, аха арҭ ашықәсқәа ахьихигахьо инамаданы ихы дақәиҭтәын.

Ҭамаз Барцыц иакәзар, ахара ихыхын.

Аӡбарҭа ишьақәнарӷәӷәеит 2012 шықәса рзы зыԥсҭазаара иалҵыз Алмасбеи Қчач ахара идуп ҳәа, аха аҭагылазаашьа инамаданы ашьаусеилыргара аанкылоуп.

Анзор Быҭәба иакәзар уаанӡа доушьҭын, уажәы иԥшаара иаҿуп.

2005 – 2012шш. иахьынӡарыҵаркуа аамҭаз Александр Анқәаб иԥсҭазаара иалхәдатәра рҽазыршәахьан фынтә.

Ажәабжьқәа зегьы
0