Аԥсны Апарламент ҿыц аилатәара аҿы аилакқәа аԥырҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент афбатәи ааԥхьара аҩбатәи асессиа мҩаԥысит
Апарламент афбатәи ааԥхьара аҩбатәи асессиа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент афбатәи ааԥхьара аҩбатәи асессиа мҩаԥысит аҩаша, мшаԥымза 18 рзы.

АҞӘА, мшаԥымза 18 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент афбатәи ааԥхьара аҩбатәи асессиа мҩаԥысит аҩаша, мшаԥымза 18 рзы. Апарламент адепутатцәа иаԥырҵеит аилакқәа жәба.

Абжьыҭира инақәыршәаны русура хацдыркуеит аилакқәа: "Аҳәынҭқарратә зинтә политиказы", "Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы", "Аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы", "Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы".

Аԥсны Апарламент афбатәи ааԥхьара аиҳабы Валери Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Кәарҷиа: адепутат ахьчара имазароуп

Адепутат Баҭал Табаӷәуа иажәалагалала аилак "Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи адемографиеи рзы" ахьыӡ ԥсахын "Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәеи рзы" ҳәа.

Иара убасгьы адепутатцәа рыбжьы рҭиит "Аҵареи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи, адинхаҵареи, АИХ аусқәеи рзы" аилак аԥҵазарц. Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Саид Ҳаразиа ажәалагала ҟаиҵеит Жәлар Реизараҟны адинхаҵаразы аилак хазны иаԥҵазарц, аха адепутатцәа "Аҵареи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи, адинхаҵареи, АИХ аусқәеи рзы" аилак адинхаҵара азҵаарақәа рыӡбрагьы аҵанакуеит ҳәа иазыршьеит.

Иара убасгьы иаԥҵоуп "Акультуреи, аҿари аспорти русқәа рзи" аилак, "Жәларбжьаратәии, апарламентбжьаратәии аимадарақәеи, ҳџьынџьуаа рымадареи рзы" аилак, "Аграртә политикеи, аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы" аилак.

Аԥсны Жәлар реизара-Апарламент ахь адепутатцәа ралхра мҩаԥысит ҩ-туркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0