Аԥсны Апарламент адепутатцәа онлаин-транслиациақәа ахәҭаны ирбоит

© Fotolia / XyАԥсны Апарламент адепутатцәа онлаин-транслиациақәа ахәҭаны ирбоит
Аԥсны Апарламент адепутатцәа онлаин-транслиациақәа ахәҭаны ирбоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар реизара VI ааԥхьара адепутатцәа реилатәара мҩаԥысит аҩаша, мшаԥымза жәаа рзы.

АҞӘА, мшаԥымза 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Адепутатцәа алацәажәеит аилатәарақәа раан онлаин-транслиациа амҩаԥгара азҵаара. Абри аԥшьгамҭа ҟаиҵеит адепутат Дмитри Дбар.

Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа аԥшьгамҭа хра аманы аинтерес аҵаны иҟоуп, ҳәа ахиҳәааит.

"Ҳара есшәахьа ҳаизаны еиуеиԥшым азҵаарақәа ҳрылацәажәалароуп. Ҳаиқәшәарақәа раан ари азҵаарагьы хымԥада иҭҵааны ҳазааҭгылароуп", — иҳәеит Кәарҷиа.

Адепутат Баҭал Аиба иазгәеиҭеит, ауаажәларра рҟны Апарламент аҿы имҩаԥысуа аицәажәарақәа рбара-раҳара даара ишырҭаху.

"Сара салхыҩцәа исырҭон азҵаара – Апарламент ажәлар рзы заҟа иаарту аганахь ала. Абри аԥшьгара саӡәыкны садгылаҩуп. Атехникатә ган уашьҭан ҳалацәажәаргьы ауеит", — иҳәеит иара.

Адепутат Баҭал Табаӷәуа иҳәеит, иарку аилатәарақәа рыда егьырҭ зегьы онлаин-транслиациала рцара шауа. Апарламент асаит амоуп, иара уа ишьҭхалоит атранслиациақәагьы.

Валери Кәарҷиа иазгәеиҭеит, азҵаара иҵегь иныҭкааны ишалацәажәатәу, адепутатцәагьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит раԥшьгара бзиазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0