Ақыҭанхамҩатә техника ҿыц Аԥсныҟа иааргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАқыҭанхамҩатә атехника ҿыц Аԥсныҟа иааргеит
Ақыҭанхамҩатә атехника ҿыц Аԥсныҟа иааргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра амашьына-трактортә станциа аиҳабы Мурман Џьонуа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспубликаҟны ааԥынратәи аусурақәа рымҩаԥысшьа атәы.

ГӘЫЛРЫԤШЬ, мшаԥымза 21 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра амашьына-трактортә станциа аиҳабы Мурман Џьонуа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспубликаҟны ааԥынратәи аусурақәа рымҩаԥысшьа атәы. Аусурақәа рзы Аԥсныҟа ақыҭанхамҩатә атехника ҿыц ааргеит, иҳәеит Џьонуа.

"Ааԥынтәи ацәаӷәаратә усурақәа рырманшәаларазы аҳәынҭқарра ацхыраара ду ҳнаҭеит. Ареспубликахь иаагоуп зыда ԥсыхәа ыҟам амыругақәа: акәаҭанақәа, акультиваторқәа, алаҵагақәа. Абылтәы аганахь ала хәыда-ԥсада аусурақәа мҩаԥаагартә еиԥш атәыла Ахадеи Аԥыза-министри ацхыраара ҟарҵеит", — иҳәеит иара.

Иахьатәи аамҭазы 75 трактор аусурақәа мҩаԥыргоит.

"Даара иаҳҭахын иҵегь амыругақәа ҳамазар, атракторқәа зегьы аус руртә еиԥш аҭагылазаашьа раҳҭартә еиԥш. Уажәазы иааргеит: акәаҭанақәа – 18, алаҵагақәа – 8, акультиваторқәа – 7, архыгақәагьы иара убри аҟара. Уажәазы урҭ раион-цыԥхьаӡа реихшара ҳаҿуп", — иҳәеит Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра амашьына-трактортә станциа аиҳабы Мурман Џьонуа.

Атехника Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи иааргеит.

"Атауар ахаҭабзиара ҳаракуп. Ҳара ҳадгьылқәа ауадаҩрақәа рыҵоуп, аиҳарак ақәыӷәӷәара зауа амыругақәа роуп азы ибзиаз ҷыдала иаҿаҳҵеит", — иҳәеит иара.

Џьонуа иазгәеиҭеит ааԥынтәи ацәаӷәарақәа хәыда-ԥсада ишымҩаԥырго аҳәынҭқарра ахарџьқәа рыла. Ауааԥсыра рзы уи акыр ихәарҭа дуны иҟалеит.

Иахьазы ареспубликаҟны аус зуа атехника 75 цыра ыҟазар, иахәҭаҵәҟьаны иҟоуп 170 трактор рыҟазаара, ҳәа иҳәоит Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра амашьына-трактортә станциа аиҳабы.

Ажәабжьқәа зегьы
0