"Агәыӷра" Аԥсуа радио аҟны

© Foto / из архива Екатерина Бебия / Олег Шамба, Николаи Саӡба,Лиудмила Цобехьиа,Екатерина Бебиа,Семион Адлеиба, Анатоли Лагәлаа.
Олег Шамба, Николаи Саӡба,Лиудмила Цобехьиа,Екатерина Бебиа,Семион Адлеиба, Анатоли Лагәлаа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра атәыла еиҟәнашеит Мрагыларатәи афронт, Мраҭашәаратәи афронт ҳәа. Урҭ еимаздоны иҟалазгьы Аԥсуа радио заҵәык акәын. Аибашьра еихнашаз аҭаацәарақәа рзы иаԥҵан арадиодырраҭара "Агәыӷра".

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа.

1992 шықәса жьҭаарамзазы еиҭахацыркхаз Аԥсуа радио адиректор Владимир Аҳашба арадиодырраҭара "Агәыӷра" аԥиҵеит. Абри адырраҭара иабзоураны ауаа рыуа-рҭахы ахьыҟаз еилыркаауан, еибаԥшаауан. Адырраҭара адаҟьа мҩаԥылгон акорреспондент Лиудмила Цобехьиаԥҳа.

"Зқьыла ашәҟәқәа ҳредакциахь инеиуан. Аиҳаракгьы Мрагыларатәи афронт аҟынтәи. Ашәҟәқәа равторцәа ҳаҳәон рыуацәа, рҭынхацәа, ргәакьауаа рзаҳаԥшаарц. Сара урҭ ауаа Гәдоуҭеи аиҳарак ахҵәацәа ахьынхоз Пицунеи рҟны срышьҭаланы исыԥшаауан. Арубрика ауаа еидызҳәалоз цҳаны иҟалеит", ҳәа лгәалалыршәоит Лиудмила Цобехьиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла ирыԥшаауаз рыӡбахә, рынхарҭа аефир ала настәи адырраҭарақәа рҿы ирылалҳәон.

"Атәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟаз ахҵәацәа ракәзар дара рхаҭақәа арадио ахь иҳазнеиуан, аефир ахь ицәырҵны рхабар рырҭон рҭахцәа, рҭаацәа. Аибашьра цонаҵы сара соуп "Агәыӷра" мҩаԥызгоз, корреспондент хадасгьы иҟаз", — лҳәоит лара.

Аԥсуа радио - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа радио анысымҩа

"Агәыӷра" ажәабыжьқәеи адыррақәеи изызкыз рыдагьы изаҳауаз зегьы рзы даара игәырхыҭхыҭган.

"Зны, сара аефир аҟны исҳәеит ԥақәашьтәи, Вано Џьынџьиа иҷкәын дыхәны урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа руак аҟны дышьҭоуп ҳәа. Иара убри амш аҽны, уаанӡа "уԥа дыԥсит" ҳәа зарҳәахьаз Вано Џьынџьиа иҩнаҭаҿы амшҩынҩажәа ҟарҵозаарын. Ауаа аишәа ишахатәаз сара аефир ала уи арԥыс иԥсы ҭоуп ҳәа сҳәеит. Уи ашьҭахь иҟалаз агәырӷьара шәазхәыц. Алаӷырӡ аччаԥшь ихнаҩеит", ҳәа еиҭалҳәоит Лиудмила.

Цобехьиаԥҳа илҳәоит лара лзы зегь раасҭа иуадаҩны иҟаз лҵаҩцәа рҭахара ажәабжь аиҭаҳәара шакәыз.

"Сара 20 шықәса инареиҳаны аус зухьан аҟәатәи ашкол-интернат аҟны. Аҵара зсырҵоз сҵаҩцәа рҭахара аӡбахә аҳәара ансықәшәоз снапқәа сываҳауан, оумашәа исцәыцәгьан. Сҵаҩцәа Едик Ҭраԥшь, Џьон Ӡиӡариа, Азамаҭ Амҷба аиааира рхы ақәырҵеит", — лҳәоит лара.

Лиудмила Цобехьиаԥҳа акыр гәыхьрыла иазгәалҭоит адырраҭара «Агәыӷра» аудиакассетақәа 70 зегьы аибашьра ашьҭахь ишыӡыз. Архив ҳәа акгьы еиқәымхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0