Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа Аԥсныи Урыстәылеи рҿар реизара мҩаԥыргоит

© Sputnik Томас ТхайцукУрыстәылатәи аррамаҵзурауаа Аԥсныи Урыстәылеи рҿар реизара мҩаԥыргоит
Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа Аԥсныи Урыстәылеи рҿар реизара мҩаԥыргоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥхынтәи алагер иалахәхоит 12-17 шықәса зхыҵуа, ахәыҷырацәа ахьыҟоу аҭаацәарақәа ирылҵыз, иҭахаз аррамаҵзурауаа рхәыҷқәа, арра-патриоттә клубқәа рааӡамҭацәа.

АҞӘА, лаҵарамза 6 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа Аԥсныи Урыстәылеи рҿар реизара "Азбука безопасности и выживания-2017" мҩаԥыргоит2017 шықәса нанҳәамзазы. Абри атәы аанацҳауеит арратә округ апресс-маҵзура.

"Азбука безопасности и выживания-2017" апрограммаҿы атеориатә дыррақәа рыдагьы иазыԥхьагәаҭоуп еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа.

"Атәылақәа аҩба рҿар адыррақәа роуеит арратә биатлон, аԥынгылақәа рхысра, ахысразы анормативқәа рынагӡара, автомати атапанчеи аимыхреи аизакреи, актәи амедицинатә цхыраара аҟаҵара уҳәа рганахь ала", — ҳәа адырра ҟанаҵоит апресс-маҵзура.

Уи адагьы дара алахәхоит арратә хәмарра "аԥшыхәцәа рымҩахәасҭа".

14 мшы рыҩныҵҟа алагер алахәылацәа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ иатәу ақьалатә қалақь аҟны инхалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0