Ҳашыг: Владислав Арӡынба иҟаиҵоз зегьы шьаҭас иаман аԥсуара

Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьтеи 72-шықәса аҵра инамаданы Sputnik арадиостудиаҿы уи дигәалаиршәоит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы, аамҭаказы ипресс-маӡаныҟәгаҩыс аус зуаз Руслан Ҳашыг.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

Владислав Арӡынба 1989 шықәса рашәарамза 2 рзы Иреиҳаӡоу Асовет аҿы иқәгылара аан раԥхьа исаҳаит ицәажәашьа, ҳәа игәалаиршәоит Руслан Ҳашыг.

"Уаанӡа иӡбахә саҳахьан Аԥсны аҭҵаарадырратә институт данеиҳабыз, ауаа иара изы ирацәан ирҳәоз. Ишиашоу ицоу аефир аизара ду аҟынтәи ибжьы адиктофон ианысҵеит аредакциа "Аԥсны ҟаԥшь" аҿы аус анызуаз. Ус сгәы иаанагон, акырӡа зҵазкуа аматериал хаҭала ианысҵеит, исымоуп ҳәа. Убас сеигәырӷьаны уи ахҭыс сахәаԥшуан", — иҳәеит Ҳашыг. 

Раԥхьатәи аиҿцәажәара ажурналист иҭаҩҩит 1990 шықәсазы.

"Нанҳәамза 25 рзы Аԥсны иреиҳаӡоу Асовет "Аԥсны ахьыԥшымра аекономикатә шьаҭақәа" ҳәа ақәҵара аднакылон, убра Владислав далахәын СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутат иаҳасабала. Убасҟан  раԥхьатәи сеиҿцәажәара анысҵеит. Убраантәи иалагоит кыршықәса сара журналистк иаҳасабала, иара аполитикатә усзуҩ, аҳәынҭқарра анапхгаҩы иаҳасабала ианысҵоз аиҿцәажәарақәа рҭоурых", — ҳәа игәалаиршәоит Руслан Ҳашыг. 

Руслан Ҳашыг Sputnik иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Владислав Арӡынба заҳаракыра дууз аполитик, аусзуҩ иаҳасабала адунеи зегьы дырбартә еиԥш, дырдырыртә, изхәыцыртә еиԥш имҩаԥысыз хҭысын, ҳәа иԥхьаӡоит ажурналист Москватәи иқәгылара 1989 шықәсазы. 

"Илаз иҵарадырра иҟазара, иаԥсуара, игәаӷьра, иполитикатә қәԥара азхиара убарҭ иҟазшьақәа зегьы убри аус хьанҭаҿы иааирԥшит, — иҳәеит Ҳашыг. — Иара игәҭаки ижәлар рыгәҭаки азнагашьа дақәшәон. Дзыҿцәажәоз зегьы, даӷоума, дыбжьаҟазоума, дахьынтәааз иахьмырԥшкәан, ижәлар рагәҭыха, агәрагара риҭартә еиԥш". 

Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны ахада Сонер Гогәуа. - Sputnik Аҧсны
Гогәуа: Владислав Арӡынба наунагӡа дԥызаны даанхоит

Руслан Ҳашыг иԥхьаӡоит Владислав Арӡынба изы зегь раасҭа ихьанҭаз хҭысны иҟан сентиабртәи аиԥылара ҳәа.

"Аиаша ҳҳәап, ҳара ҳделегациа иалаз, уа Урыстәыла иҟаз ахаҭарнакцәа рацәаҩны ауха зегьы цеит рынхарҭақәа рахь. Асасааирҭа "Президент-отель" 13-тәи аихагылаҿы аҭыԥ алхны уа дыҟан. Ауха акы ҳнацҳауеит ҳәа ҳанылбаа ихьчара иалахәыз хҩык арԥарцәа Ҭемыр Кәычбериеи сареи креицаҳфон, убасҟан иҭагылазаашьа, убри ахьанҭара идыз игәҭакы хада, ақырҭцәа рарбџьармчқәа ралгара хықәкыла ашәҟәы иахьыизанымҵаз ихьааганы иман. Иара еиликаауан уаҵәы-уаҵәашьҭахь аибашьра аанкылара шзалмыршахоз. Аԥсны иалагылаз архәҭақәа ус ақьаад мацарала иалҵны ишымцоз идыруан. Убри аҟынтә цәгьала ихьааганы иман", — иҳәеит Ҳашыг. 

Сентиабртәи аиԥылараҿы Ельцин иаартны иҳәеит, иазхоуп, аӡәыр инапы аҵаимҩыр иҭахызар, уи иара иҭакԥхықәраҿы иҟазааит, анаҩс иҟаларц зылшо уи ихы иавибааит. Арӡынба иҳәеит иаҵазҩуеит, сзықәшаҳаҭым хатәгәаԥхарала еибашьра инеиз рықәыӡбара схы исзаҭәашьом, ари апунк снапы аҵазҩӡом, ҷыдала азгәаҭа анысҵоит иҳәеит.

"Убриаҟара ахьӡи-ахьмыӡӷи иара изы иҳаракын, ақырҭуа ир алгара аасҭа абри ахьӡ иаҳа ишыҳараку азгәеиҭеит. Аиҿцәажәарақәа рҟынтә дандәылҵгьы ииҳәаз уи агәаӷьра акырӡа аҭахуп. Абри снапы аҵазҩит, аха ҳажәлар рықәхра, урысшәала агеноцид ажәа иҳәеит, ҟамларц азыҳәан ауп ҳәа иҳәеит ажурналистцәа, адунеитә камерақәа зегьы рҿаԥхьа. Ас еиԥш иҟоу аполитикатә ҳәамҭақәа рыҟаҵара иаанарԥшуеит иҟазшьеи игәаӷьреи", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг. 

Владислав Арӡынба иҟаиҵоз зегьы шьаҭас иаман аԥсуара, аԥсуа гәыцә, иарбанзаалак ахҭыс ԥсуаҵас амҩаԥгара. Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы иажәақәа рыла, аԥсуаа ирҳәо ахьӡи-ахьмыӡӷи Арӡынба изы ихадароу принципын иусураҿы, иԥсҭазаараҿы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0