Ермантәыла Аԥснытәи ахәыҷқәа қәҿиарала аоперациақәа рзыруит

© Sputnik Джопуа РобертКамила Бениаԥҳа
Камила Бениаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс аҩныҵҟа афонд "Ашана" зхылаԥшуа ааҩык ахәыҷқәа қәҿиарала рҽырхәышәтәит Ереван ақалақь аҟны.

АҞӘА, лаҵарамза 18 – Sputnik, Роберт Џьопуа. ДЦП змоу ԥшьҩык ахәыҷқәа Аԥсныҟа ихынҳәит Ереванынтәи. Абри атәы ҳзеиҭалҳәеит афонд ахаҭарнак Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Хҩык ахәыҷқәа аоперациақәа рзыҟаиҵеит аортапед-атравмотолог. Левон Папазиан иакәзар аоперациа иҭахымхаӡеит", — лҳәоит Џьынџьалԥҳа.

Афонд ахаҭарнак лажәақәа рыла, жәаҩа шықәса зхыҵуа Камила Бениаԥҳаи Даниель Пачлиеи Ереван аиҭаҽышьақәыргылара иахысны рҽыхәышәтәра Аҟәа иацырҵараны иҟоуп. Реиҳа иуадаҩыз аоперациа лызун Амина Бигәааԥҳа.

Камила Бениаԥҳа лан Феруза Лабиан еиҭалҳәеит аханатәгьы ахәыҷы лыжәҩахтә ҭԥаны иҟоуп ҳәа агәҽанызаара шыҟаз, аха лара лшьапаҿы аоперациа ҟаҵатәызаарын.

"Лшьапы дыриашеит. Иара аҭыԥ ааннакылеит. Ҿыц аныҟәашьа лҵароуп. Даара агәахәара ҳнаҭеит атәым ҳәынҭқарраҿы атәымуаа гәакьацәақәак реиԥш ҳахьрыдыркылаз. Афонд ҭабуп ҳәа азысҳәоит иахәҭаны иҟаз аԥара аизгараҿ иаҳнаҭаз ацхырааразы. Афонд акәымзар ҳара иҳауамызт алшара ҳхәыҷы хәышәтәра ҳәа лгаразы", — лҳәоит Камила лан.

Мактина Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит 2016 шықәса рыҩныҵҟа Ермантәылаҟа ишышьҭыз ДЦП змоу ахәыҷқәа ԥшьҩык. Урҭ рҟынтәи Азамаҭ Чкотуа аоперациа изун, Асҭамыр Занҭариа ибла аоперациа азун.

Ажәабжьқәа зегьы
0