Аҳәынҭқарратә музеи имҩаԥнагеит акциа "Аҵх амузеи аҟны"

© Sputnik / Томас ТхайцукАҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥган "Аҵх амузеи аҟны"
Аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥган Аҵх амузеи аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысит жәларбжьаратәи акциа "Аҵх амузеи аҟны". Уи амҩаԥысшьа атәы шәаԥхьар шәылшоит ҳкорреспондент лматериал аҟны.

Sputnik. Амра Амҷԥҳа

"Мама, мама, ажә ду збеит, ажә ду", — фышықәса зхыҵуа Арина лыбжьы иаахьанарԥшит амузеи аҭааҩцәа. Аӡӷаб хәыҷы лаб дицны кавказтәи адумбеи ацәаҳа ахьгылаз ауада дыҩналазаап. Иара абри ауадаҿоуп ахәыҷқәа рзы аинтерактивтә хәмаррақәагьы ахьеиҿкааз.

Аҵх амузеи аҟны мҩаԥысит Омар Беигәаа ихьӡ зху амузеи аҟны - Sputnik Аҧсны
Акциа "Аҵх амузеи аҟны" Омар Беигәаа ихьӡ зху амузеи аҿы

Ахәыҷқәа еиуеиԥшымыз азҵаарақәа рырҭон, аганахь игылаз рҭаацәагьы зны-зынла ирзымычҳакәа аҭакқәа рыҵарҳәалон. Аиааира згаз амузеи аусзуҩы Ирина Кәасиаԥҳа аҳамҭақәа рылҭон.

Саргьы ҳамҭаны амзаршәҟәы сырҭеит. Уа ианын иахьазы алушәак иуԥымло ашьхардац (горец мясо-красный — Рolygonum carneum C.Koch). ажәытәан аԥсуаа аҵиаақәа рымчхара бзианы ирдыруан, ахархәарагьы рырҭон.

Кавказтәи адумбеи акәзар Акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа иахьагьы ицәа дҭанарӡыӡоит.

"Саныхәыҷыз, амузеи ахь санаарга абри адумбеи ацәаҳа ааигәара анеира сацәшәеит. 50 шықәса иреиҳауп иара", — иҳәеит Кобахьиа.

"Аҵх амузеи аҟны" амҩаԥгаразы арахь иааиит имаҷымкәа ахәыҷқәа рҭаацәа рыцны. Урҭ зал-цыԥхьаӡа иуԥылон.

Аҟәатәи ашкол №3 аҵаҩцәа Улиана Глазковеи Нара Кәаӡԥҳаи арахь рхала иааиит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция "Ночь в музее" в Государственном музее в Сухуме
Акция Ночь в музее в Государственном музее в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Акция "Ночь в музее" в Государственном музее в Сухуме

"Сара ҵыԥхгьы акциа салахәын. Сара ара зегьы сгәаԥхоит. Аиҳаракгьы абри адомбеи. Сынтәа сҩызагьы даазгеит", — лҳәеит Улиана.

Амузеи аҩбатәи аихагыла аҟны еиҿкаан аекспозициа ҷыда "Природа Абхазии глазами художника". Уаҟа иџьашьахәыз асахьақәа ишрыхәаԥшуаз ҳрыхҭыгәлеит амузеи аҭааҩцәа қәыԥшцәа. Актәи акласс арҵаҩы Асида Хасан-оглы лҵаҩцәеи фышықәса зхыҵуа лыԥҳа Арифа Киути аалгеит арахь.

Ахԥатәи аихагылаҟны ицәыргақәҵан амаркақәа. Араҟа ауаа рацәаҩын. Ара дыҟан Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбагьы.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит есышықәса абри амш аҽны ауаа еиҳа-еиҳа ишырацәахо.

"Ари иаанагоит ауаа еиҳа-еиҳа акультура ишаднаԥхьало, аҭоурых аинтерес шыркуа. Аҿар ҳәарада рҭоурых рдыруазароуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция "Ночь в музее" в Государственном музее в Сухуме
Акция Ночь в музее в Государственном музее в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Акция "Ночь в музее" в Государственном музее в Сухуме

Ацәыргақәҵаҿ иӡырган аибашьра ашьҭахь Аԥсны иҭрыжьыз амаркақәа. Ацәыргақәҵа акуратор Рамза Мықәԥҳа амаркақәа дрыхцәажәон, рҭоурых еиҭалҳәон, урҭ ирнубаалоз ахаҿсахьақәа ртәы далацәажәон.

"Зубеидет Шхаплы, дкорреспондентуп, ахәыҷқәа рзы алакәқәа дравторуп, Аҳмаҭ Кҽыҿба дҳақьымын, Мамдух Абаза Маршьан Шьамтәыла авиациа ар дреиҳабын" – лҳәоит лара.

Амузеи аҭоурых аҟәша аиҳабы Клара Гьерзмааԥҳа илҳәоит асеиԥш ауаа рацәа амузеи ахь иаабац амшқәа рзы ишымааиуа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция "Ночь в музее" в Государственном музее в Сухуме
Акция Ночь в музее в Государственном музее в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Акция "Ночь в музее" в Государственном музее в Сухуме

"Аиҳарак ҳара ҳахь иаарго ашколхәыҷқәа роуп. Аԥхын аԥсшьаҩцәа рацәоуп. Урҭ аҭоурых адагьы иахьатәи аамҭа иазҵаауеит. Аԥсны раԥхьатәи Ахада изку аекспозициа аидкылара ҳаҿуп макьаназ еиҿкаам акәымзар. Аҭоурых здыруа аӡәы даҳҭахуп. Ус ӡәыр дыжәдыруазар?", — дҵаауеит амузеи аусзуҩы.

Сылаԥш нарықәшәоит зегьы иаарылукаартә милаҭ маҭәала еибыҭаз арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи. Исзымычҳакәа сразҵаауеит изусҭцәоу сарҳәарц.

Афон ҿыцтәи амузеи аусзуҩцәа ракәзаап. Урҭ ирыӡбеит асеиԥш акциа аҽалархәра.

Хышықәса раԥхьа жәларбжьаратәи акциа аҽаланархәит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи. Акциа "Аҵх амузеи аҟны" еиҿкаан Франциа, 1999 шықәса рзы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция "Ночь в музее" в Государственном музее в Сухуме
Акция Ночь в музее в Государственном музее в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Акция "Ночь в музее" в Государственном музее в Сухуме

Ажәабжьқәа зегьы
0