Москва-Аҟәа-Минск авидеоцҳа мҩаԥысит

© Sputnik Зафас ГамгияМосква-Аҟәа-Минск авидеоцҳа мҩаԥысит
Москва-Аҟәа-Минск авидеоцҳа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы вокалтә шоу афинал аламҭалаз Москва-Аҟәа-Минск авидеоцҳа мҩаԥысит лаҵарамза 22 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҟны.

Sputnik, Анжелика Бениԥҳа

Ателеканал НТВ апродиусер хада Тимур Ваинштеин адырра ҟаиҵеит жәларбжьаратәи авокалтә проект ҽааны, ааԥынразы ишацҵахо.

"Ҳара еиҭах ахәыҷқәа ралыԥшаара мҩаԥаагоит. Сынтәа, ҭагалан азы ихацркхоит апроект ҿыц "Ты супер! Танцы". Аҟыбаҩ ҷыда змоу ахәыҷқәа рацәаҩуп", — иҳәеит Ваинштин.

Иара иажәақәа рыла апроект аиҿкааҩцәа рҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа зегь нагӡахеит.

Лера Адлеиԥҳа дызлахәу ашоу аекран ду ала идырбахоит - Sputnik Аҧсны
"Ты супер!" Аҟәа: Лера Адлеиԥҳа дызлахәу ашоу аекран ду ала идырбахоит

"Уажәы афинал ҳазыԥшуп. Аԥхьаҵәҟьа зынагӡара уадаҩны ҳазхәаԥшуаз апроект иахьа қәҿиарала имҩаԥысуеит. Ҳара ҳзы ихадараз аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа рыԥшаареи, урҭ рхы аадырԥшыртә еиԥш аҭагылазаашьа рыҭареи акәын", — иҳәеит апродиусер.

НТВ апроект ҿыц "Ты супер!" аҭаацәа ирылхәдоу ахәыҷқәа рҽаарԥшраз алшара рнаҭоит. Иара иалахәуп ахәыҷқәа рыҩнқәа рҟны ирааӡо, ашкол-интернатқәа ирҭоу, ус аҭаацәарақәа рахь ааӡара ирго ахәыҷқәа. 7 шықәса инаркны 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа апрофессионалтә жиурии миллионҩыла ателехәаԥшцәеи рҿаԥхьа рҟазара аадырԥшуеит.

Урҭ аус рыдырулоит иреиӷьу амузыкатә продиусерцәа, аҟазауаа. "Ты супер!" мҩаԥигоит ТЕФИ занашьоу Вадим Такмениов. Аконкурс иалахәуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, Қырҭтәыла, Беларуссиа, Молдова, Естониа рҟынтәи аҟыбаҩ ҷыда змоу аҿар. "Ты супер!" аларҵәоуп, аӡыргарагьы аҭоуп Урыстәыла Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра иҟанаҵо адгыларала. Ахы инаркны ахәыҷқәа ирыцуп амедицинатә персонал, арҵаҩцәа, аԥсихологцәа.

Апресс-конференциаҟны иазгәаҭан агәыԥ Иакутиатәи "Хатан" Москваҟа иаарц азы 9 000 километра ишахысыз. Алыԥшааратә тур ахь инагаз 92-ҩык алахәылацәа рҟынтәи афиналбжахь инеиит 20-ҩык. Урҭ рҟынтәи 10-ҩык роуп азин зауз апроект афинал алахәхара.

Ашоу аҟны аиааира зго ироуеит алшара жәларбжьаратәи аконкурсқәа "Детское Евровидение" "Новая волна" реиԥш иҟоу рылахәхара. Уи адагьы дара рзы ҷыдала иқәыргыло амиузикл "Республика ШКИД" иалахәхоит. Ирацәаҩуп алахәылацәа рҟынтәи ашоу иабзоураны згәакьацәа зыԥшааз. Убас, апроект алахәыла Наталиа Востриковеи лашьеи лаҳәшьеи аҭаацәаар ҿыц ахь инарыԥхьеит, Урмат Мырсаканов иакәзар, амилаҭтә шьапылампылтә команда драбадырит.

Аконкурс "Ты супер!" мҩаԥысуанаҵы 70-ҩык рҟынӡа еицырдыруа артистцәа, аспортсменцәа, актиорцәа арахь иааиит ашоу алахәылацәа адгылара рырҭарц.

Афинал аан аконкурсантцәа ирывагылоит урҭ рҩызцәа: Стас Пиеха, Иолка, Виктор Дробыш, Маргарита Суханкина, Игорь Крутои, Сосо Павлиашвили, Константин Мелаӡе, Вера Брежнева, Анне Веске, Слава, Тамара Гвердцители, Роза Рымбаева, Валериа, MBand, Зара, Даниил Плужников, Arsenium.

Афинал аан ахәаԥшыҩцәа ироуеит алшара ашәаҳәаҩцәа дуқәеи алахәылацәеи реицықәгылара абара.

Аконкурс ажиури алахәыла Виктор Дробыш иҳәоит:

"Абри апроект аҟны ҳара уаҩԥсык иҳасаб ала еиҳа ҳаиӷьхеит, ҳразхеит. Еиҳа ҳацқьахеит", ҳәа.

Авидеоцҳа иалахәын афиналистцәа жәаҩык. Урҭ дрылан Аԥснытәи аконкурсантка Валериа Адлеиаԥҳагьы.

© Sputnik Зафас ГамгияВидеомост Москва-Сухум-Минск
Видеомост Москва-Сухум-Минск  - Sputnik Аҧсны
Видеомост Москва-Сухум-Минск

Очамчыратәи ашкол-интернат адиректор Лора Миқааԥҳа илҳәеит афинал алҵшәақәа ирыдымҳәалакәа ареспублика зегьы Лера лԥылара рыҽшазыҟарҵо.

"Ҳәарада ҳара иаҳҭахуп Лера зегьы дреиӷьхар, аха ҳара ҳзы лара иахьагьы зегьы дреиӷьуп. Аԥсны зегьы лԥылара иазыхиоуп", — лҳәеит лара.

Лаҵарамза 20 рзы ихацыркхеит SMS абжьыҭира аҩбатәи аетап. Абжьқәа рыдыркылоит лаҵарамза 26, асааҭ 12:00 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0