Кындыӷ иаадыртуеит ацха арыцқьареи аихшареи рзы азауад

© Sputnik Роберт ДжопуаКындыӷ иаадыртуеит ацха арыцқьареи аихшареи рзы азауад
Кындыӷ иаадыртуеит ацха арыцқьареи аихшареи рзы азауад - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩымз рыҩныҵҟа Кындыӷ ақыҭан иаадыртуеит ацха арыцқьареи аихшареи рзы азауад.

ОЧАМЧЫРА АРАИОН, лаҵарамза 26— Sputnik, Роберт Џьопуа. Ҩымз рыҩныҵҟа Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан иаадыртуеит ацха арыцқьареи аихшареи рзы азауад, иҳәеит анаплакы адиректор Адгәыр Туӷәышь.

"15 рҟынӡа усурҭа ҭыԥ ҟалоит ҳәа азыԥхьагәаҭоуп. Асеиԥш иҟоу анаплакы раԥхьаӡа акәны Аԥсны аусура иалагоит. Амыругақәа зегьы Италиантәи иаагоуп. Аҭира аганахь ала проблема ҟаларым ҳәа сыҟоуп. Ирласны ҳусурақәа хыркәшахоит. Ҩбаҟа мзы роуп иаҳҭаху" — иҳәеит Туӷәышь.

Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба иазгәеиҭеит аргылара ахыркәшаразы аԥара шыҟоу, аԥаразоужьра Ақыҭанхамҩа аминистрра абиуџьет аҟынтәи ишымҩаԥго.

"Амыругақәа аалхны аргылара 20 миллион агеит. Амыругақәа ирыхҭынҵоуп 305 000 евро. Азауад амчхара сааҭк ала 400 кьыла ыҟоуп", — иҳәеит Ҭарба.

Иара убасгьы азауад аҟны иаадыртуеит алабораториа. Уаҟа ацха ахаҭабзиара гәарҭоит.

Атәыла Ахада иажәақәа рыла иаԥҵахоит аалыҵ аҭира алзыршо аилахәыра. Аекономика иадҳәалоу азҵаарақәа рзы атәыла Ахада ицхырааҩ Амиран Лагәлаа ажурналистцәа иреиҳәеит, аилахәыра ишахьыӡхо "Абхазпрод експорт". Иара абзоурала аалыҵ аазрыхуа алшара роуеит ԥымкрада анҭыҵтәи аџьармыкьахь иаадрыхуа анагара.

Ажәабжьқәа зегьы
0