Ачынуаа рзы аликбез

© Sputnik, Бадрак Авидзба Владимир Касландӡиа ишәҟәы
Владимир Касландӡиа ишәҟәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақалақьқәеи араионқәеи рҟны аҳәынҭқарратә бызшәа дырҵаразы акурсқәа реиҿкааразы лгәаанагара ҳацеиҩылшеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik

Абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы адгылара анаҭеит аԥсшәа зырҿио ҳәа иԥхьаӡо апроектқәа жәпакы. Урҭ рахьтә иҟоуп, иалкааны зыхцәажәара ҳҭахыу — "Ачынуаа аԥсшәа дырҵаразы" апроект. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҳабыра русбарҭақәа русзуҩцәа абызшәа дырҵаразы аурокқәа мҩаԥыргалоит.

Апроект шоуп етапла, актәи, аҩбатәи уҳәа, ачынуаҩ ибызшәа аҩаӡара азырҳара азгәаҭаны. Идеиала уахәаԥшуазар ибзиоуп. Аха, "аха" анырҳәо гәынамаӡаракгьы ацуп. Абызшәатә политиказы аилак ари ашықәс азы уи иазоунажьит 500 нызқь мааҭ. Аҵара дзырҵо арҵаҩы илзаԥҵәоуп 15 нызқь аулафахәы. 

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы инеиҵыхыз аилатәара аҩаша лаҵарамза 30 рзы имҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: аԥсуа бызшәа иахьа ҳанахамҵгыла уаҵәы ихьшәахоит

Иара убас, аԥсуа бызшәа ачынуаа дырҵаразы иазгәаҭоуп ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхатә харџь ала, дара рҿы аус зуа ачынуаа абызшәа дырҵаразы акурсқәа реиҿкаара, уахь иалоуп Жәлар реизарагьы. Ажәакала, аԥсуа чынуаа аԥсышәала идырцәажәарц азы, аҳәынҭқарра иннахроуп имаҷымкәа аԥара.

Ҳара ҳзакәанқәа шыҟоу ала, аусура ирго ачынуаҩ, мамзаргьы идепутатхарц зҭаху ирдыруазароуп аҳәынҭқарратә бызшәа. Аха, ареалтә ԥсҭазаараҿы "Ахәынҭқарратә бызшәазы азакәан" ахәҭаҷқәа еилаганы, аԥсшәа ззымдыруа ауаа аусура ирыдыркылоит. Убри аҟынтә, аума иақәшәаз ҳара ҳшәахтәшәаҩ аҳәынҭқарра иалеиҵо аԥарақәа рыхәҭак, ачынуаа рзы иаарту аликбез ахь ирышьҭуеит. 

Ауаажәларра ирмаҳаӡеит, избан урҭ акурсқәа реиҿкаара ада ԥсыхәа замоуз аԥсуа чынуаҩ абызшәа идыруа иҟаларц азы?! Макьаназы, иаҳмаҳацт ҳәынҭқарратә усбарҭак алаҳәара ҟанаҵо "Аҳәынҭқарратә бызшәа здыруа, азанааҭ змоу, аусура шәааҳаԥхьоит" ҳәа. Ирышьҭазма аԥсшәа здыруа аспециалистцәа, ирышьҭазар ишԥалрыԥшаауаз, шаҟаҩ рызнеида уи акастинг ашҟа? 

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ахатәы бызшәазы аӷарра

Ҳара иаҳдыруеит Аԥсны ишыҟоу, абызшәа здыруа, азанааҭ бзиақәа змоу ауаа. Иҭҵааума уи азҵаара инҭырҳәцааны? Хымԥада мап. Ҳҳәынҭқарра иахьатәи асистема шыҟоу ала, аиҳабыра рҿы аусура алагара имариам усуп. Уи зҭахыу аҳәынҭқарратә бызшәа удыруама ҳәа аӡәгьы дизҵаауам, уахь хыхь амчратә гәаражьарақәа рахь ирго, шамаха "абӷа змоу" роуп. Абри иахҟьаны, даара имаҷҩуп зусура иазкны аԥсышәала ахҳәаа аҟаҵара зылшо абжьаратәи акатегориа иаҵанакуа ачынуаа. 

Ԥсышәала аус зуа аинформациатә хархәагақәа рредакторцәа аԥсуа чынуаа ражәахәқәа реиҭагара имаҷымкәа аамҭа рцәагоит, русурагьы еиҵанархоит. 

Абарҭқәа ҳрыхәаԥшны ҳхәыцуазар, ари хыда аԥара аныхра иазааигәоушәа ҳбоит, ҳҳәынҭқарра абиуџьет хбааланы изламцо ала. Чынуаҩс иҟаларц зҭахыу, уахь хыхь днеиаанӡа иҵароуп абызшәа, иззымдыруа ирҵаанӡа аусуразы ааԥхьара рымазароуп ззанааҭ здыруа, аԥсшәа зхы иазырхәартә иҟоу ауаа. Аха, ус иҟалар, "абӷа змоу" адәы иавахар алшоит.   

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика ахы хазар бзиоуп, ахәыҷқәа рбызшәа аизырҳарахь. Даара ибзиахон еиҿкаазар ахәыҷқәа рзы абызшәа ҵарҭатә центрқәа, иара убас, "Абызшәатә полититиказы аилак" иамоу афинансқәа рӷьырак амультфильмқәа рҭыхреи, ахәыҷтәы дырраҭарақәа реиҿкаареи ирзоужьзар еиӷьуп. 

Иҟоуп аҳәынҭқаррақәа, абызшәа зҵарц зҭаху рхатә харџь ала иахьырҵо, иаҳҳәап Чехиа, уаҟа афилологцәа аулафахәы бзианы изауа ирхыԥхьаӡалоуп, избанзар, рбызшәатә политика ҟәышрыла еиҿкаауп. Уажәы ҳчынуаа рзы еиҿкаау аликбез иалҵшәахо хықәкыла алацәажәара уадаҩуп, аҵара здырҵо ачынуаа ԥсышәала рҿахәы рҳәо, аиҭагаҩ дырҭахымкәа иҟалар игәаҳамҭарц залшарым. Аха, еиҳа еиӷьхон уажәазы, аҳәынҭқарра амаа зкыу, аԥсшәа здыруа, аҵареи аԥышәеи змоу алԥшааны аусура иадрыԥхьалар, усҟан урҭ аликбезқәа зынӡа иаҳҭахымхаргьы ауан… 

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Акандидатраз аԥышәара

Аҳәынҭқарра ачынуаа абызшәа дырҵара апроект ианаҿу аамҭазы, дыҟоуп хәыда-ԥсада абызшәа арҿиара иазку аус знапы алакыу феисбук ахархәаҩ Светлана Маанԥҳа. Лара занааҭла дырҵаҩуп, уажәы аус луӡом, лмаҭа длааӡоит. Светлана, лхала амультфильмқәа еиҭаганы, лыбжьы ахаҵаны феисбук ахархәаҩцәа ирыдылгалоит. "Исылшоит ҳәа исыԥхьаӡан салагеит. Ажәақәа еиҭазгоит, амультфильм иацу ашәақәа рмузыка хазы иԥшааны, сара сыбжьы ахасҵоит", — лҳәоит лара.  

Зынӡа Светлана еиҭалгахьеит 11 мультфильм. Лаԥхьаҟа гәҭакыс илымоуп ес-ҩымш усумҭак ҟалҵаларц. Амультфильмқәа реиҭагашьа ҳазааҭгылозар, даара бызшәа бзиала еиҿкаауп, ашәақәагьы бжьы хаала иахырҷоуп. Ажәакала, аӡәы лхала, жәларык ирылымшоз лылшеит. Абри зегьы хәыда-ԥсада.  

Аҳәынҭқарра абас еиԥш аҟазареи аидеиеи змоу ауаа гәаҭаны аусура иаднаԥхьалар, усҟан ахәыҷкәа рдунеи хатәы бызшәала иҭбаахоит. Зықәра наӡахьоу ауаҩы акыр ицәыуадаҩхоит, иусураҿы ахархәара аиҭо абызшәа аҵара, ахәыҷқәа еиҳа имарианы ишьҭыркаауеит иарбан бызшәазаалак. Абарҭқәа ирыхәаԥшны, ҳҳәынҭқарра абызшәа арҿиаразы акыр иазхәыцны аԥара ннахлароуп, ҳтәыла абиуџьет заҟароу гәаҭаны. 

Аибашьра ааилгазар имаҷым абызшәа арҿиаразы иҟаҵоу, аха иара убас, ҳаԥхьаҟа ишьҭоу аусқәа еиҳагьы еиҳауп, аԥсуаа ҳбызшәа ашьҭкаара хырҩа злазаҳуа ала. Аҳәынҭқарратә бызшәа ззымдыруа аусурҭа ҭып бзиа ауаҩы ишиоуа рбонаҵы, аҭаацәагьы уамак рҽадырцалом рыхшара аԥсшәа дырҵара. Иузымдырыр ауазар, изыуҵари? Зыхдырра хьысҳау абас дхәыцлоит, хыхьынтә абри азҵаатәы иџьбараны ианахәамԥш. 

Автори аредакциеи ргәанаагарқәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0