Адепутати аекологи: Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра аанда аҭатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра
Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар реизара адепутат Асҭамыр Ҭарбеи аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломкеи арадио Sputnik аҿы еиҭарҳәеит Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы имҩаԥысыз агәаҭарақәа рлыҵшәақәа.

Аҟәа, рашәара 18 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра аанда ахьамам иахҟьаны еиуеиԥшым аргыларақәа аԥшьаргоит. Абри атәы иҳәеит Аԥсны жәлар реизара адепутат, аграртә политикеи, аԥсабаратә ресурсқәеи, аекологиеи рзы акомитет ахантәаҩы Асҭамыр Ҭарба арадио Sputnik астудиаҿы. 

Мышқәак раԥхьа Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра иаҭааит агәаҭаҩцәа. Акомиссиа иалахәын адепутатцәа, аекологцәа, аҭыԥантәи аиҳабыра. 

"Иаҳбаз даара угәы унархьыртә иҟоуп. Амшын аԥшаҳәа иаваршәны, акрыфарҭақәа рацәаны иргылоуп. Аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа иҭамлаӡеит, аха атәарҭақәа аԥсшьарҭақәа рышьҭахь иргылоуп, — азгәеҭеит Ҭарба. — Аҳәырԥсарра арежим аӡәгьы дазхьаԥшӡом. Амашьынақәа роума, аԥсшьаҩцәа роума, анхаҩцәа роума, ирҭаху ишырҭаху иҟарҵоит. Иҟашәымҵан ҳәа разҳәозгьы уаҩы дҳамбаӡеит. Аҳәырԥсарра аиҳабы ҳамч азхом иҳәеит". 

Адепутат иажәақәа рыла аргылара акрыфарҭақәа зтәу агәаҭаҩцәа рнеира убас ирыдыркылеит рмааҭқәа зладырҳауа рымархуашәа, рус ишьақәдыргыло хдарбгалар рҭахушәа. 

"Аанда ҟаҵамзар, иахьа имҩаԥысуа апроцессқәа иаҳа-иаҳа рыҽдырҭбаауеит, иаҳзынкылаӡом, ҳҳәырԥсарра ахьчара аус уадаҩхоит", — иҳәеит адепутат.  

Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко иазгәеиҭеит Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы ишрызҳауа иуникалтәу аҵлақәа. 

Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҟны закәандарыла аргыларақәа ахьымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: аусурақәа аанкыланы аргыларақәа ықәгатәуп

"Уа игылоу аҵлақәа Пицунда ада Аԥсны џьаргьы иҟаӡам. Аҳәырԥсарра ҟамлар Пицунда акурортгьы ҟалаӡом. Аԥсаҵала анышәҭуа ауаҩы ихәоит, фитонцид ҳәа иагәылҵуа агәабзиаразы ибзиоуп", — иҳәеит Соломко. 

Мурман Соломко иажәақәа рыла аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аусбарҭа аиҳабы Савели Ҷыҭанаа зныкымкәа дцаны изакәанмкәа аргыларақәа ирҿыз иреиҳәеит иҟашәымҵан ҳәа.

"Иҟоуп уи еилызакаауа, аха хныҟәгашьа ҳамам рҳәеит. Аҵыхәтәантәи 2-3 шықәса иҳазнымкыло иҟалеит. Азакәан рыдыркылаанӡа иҟам ҳәа ҳгәаҭеиуан. Ажәларгьы рыцҳауп, аха аҳәырԥсарра азакәан ыҟазар, аилагара ҟалаӡом, — инаҵшьны иазгәеиҭеит Соломко.  – Акаҳуажәырҭақәа, асасааирҭақәа аҳәырԥсарраҿы рыргылара шыҟамло азакәан иаҳәоит. Аекологцәа ирымоуп азин х-нызқь рҟынӡа ахәԥса рықәҵара азин еилазго. Анаҩс, ихьанҭоу аус азы апрокуратурахь ақьаадқәа рышьҭуеит". 

Жәлара реизара адепутат Асҭамыр Ҭарба иажәақәа рыла, аграртә политикеи, аԥсабаратә ресурсқәеи, аекологиеи рзы акомитет имҩаԥнагараны иҟоуп еиҵыху аилатәара, раԥхьаӡа знапы арктәу аус азхәыцразы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0