Меҳмеҭ Чаалар: аиҳабацәа аҭоурых алацәажәара рацәак бзиа ирбаӡомызт

© Foto / Сырма АшәԥҳаАҩадатәи Кипр инхо ҳџьынџьуаҩ Меҳмеҭ Чаалар
Аҩадатәи Кипр инхо ҳџьынџьуаҩ Меҳмеҭ Чаалар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩадатәи Кипр инхо ҳџьынџьуаҩ Меҳмеҭ Чаалар иԥсадгьыл ахь имоу агәҭахәыцрақәа, аҭоурых дазааҭгылоит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Ҳџьынџьуаҩ Меҳмеҭ Чаалар, Аҩадатәи Кипр апарламент адепутат, аматематикеи аҵарадырреи рдоктор, апрофессор, Аҩадатәи Кипр ааигәа мрагыларатәи ауниверситет арҵаҩы. Меҳмеҭ иабшьҭра аҭоурых дазҿлымҳауп, иҟоуп игәалашәақәо, иидыруа. Урҭ рахьтә иҟоуп иҳацеиҩишаз.

Иара иандуи иабдуи дырхаануп. Игәалашәоит ианду, амажәа ашә агәылаҵаны, нас еиҵыхны, бӷьык наҵаҵаны илӡуан. Иара убас, амажәа хәыҷқәа ашә ргәылаҵаны аӡыршы иӡааԥсаланы илжәуан. Нас, убри рҿалҵон. Иара убас, игәалашәоит абрынџь жәны, ашьақар ақәыԥсаны лмоҭацәа ианырзыҟалҵоз. Арҭ рҩыза афатәқәа, уажәы ара аӡәгьы иҟаиҵаӡом. Иабду аӡахәа рацәаны иман.

Саида Делԥҳа лыстудентә шықәсқәа раан Зеррин Шамԥҳа илзылыҩхьаз асалам шәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Саида Делԥҳа лысалам шәҟәы аҟынтә: сара шәара шәызхәыцра сыцизшәа ауп схы шызбо

"Сара сабду аҩы аныҟаиҵоз збахьан. Схәыҷын аха, бзиа избон аҩы агьама абара. "Уара абазақәа реиԥш аҩыжәра бзиа убоит", иҳәалон сабду дсахәмаруа. Сабду Раиф, дхаҵа наган, ақыҭа еиҳабыс дыҟан. Сара исгәалашәоит сабду иахь ауаа анаауаз, урҭ дара-дара ашьшыҳәа еицәажәон. Излацәажәоз абызшәа сара исзеилкааӡомызт. Сабду бзиа ибаӡомызт аҭоурых алацәажәара. Уи аӡбахә аниаҳауаз, игәалаҟазаара канажьуан. "Иазууазеи, аҭоурых аӡы иагеит", иҳәалон", — ҳәа азгәеиҭеит Меҳмеҭ.

19-тәи ашәышықәсазы Кавказ ажәларқәа Кипр иқәнагалаз иахьа рҭоурых, иахьынтәааз, насгьы рыжәлақәеи, измилаҭуи ахьырзымдыруа изыхҟьеи ҳәа ҳаниазҵаа, игәаанагара иҳәеит. 

"Кипр аҭоурых 19-тәи ашәышықәсазы, уи анаҩсгьы даара иуадаҩуп. Аибарххара дуқәа ара иҟалахьеит. Османтәи аимпериа ианаҵанакуаз уи аҳәынҭқарра ҟазшьак аман. 1870 шықәса азы, Кипр қьырала аҳәынҭқарра ҭиин, уи рырҭеит Британиатәи амал уаа. 1924 шықәса азы, Британиааи Кипри, ҿыц аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Ҭоурыхла, ари адгьылбжьахаҿы, абырзенқәеи аҭырқәцәеи еснагь адгьыл еицықәаарыхуан. Араҟа, рхы ыҵырхуан еиуеиԥшым акультурақәа. 1955 шықәса азы Кипр ахы ыҵнахуа иалагеит амилаҭтә еицлабра ҵаҵӷәыс измаз аичырчара.

Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәеи аԥсуареи ирызҿлымҳау ҳџьынџьуаа: аԥсуа қыҭа Бычка аԥсҭазаара

Уи иалахәыз маӡала иаауан атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи. Кипр аҳәынҭқарра ианакәызаалак напхгара арҭон абырзенқәа. Избанзар урҭ рхыԥхьаӡара аҭырқәцәа раасҭа акыр еиҳан. Уи аԥырхагаӡамызт ҭынч аҳәынҭқарраҿы реицыҟазаара. 1960 шықәса азы, Кипр ҩмилаҭк (абырзенқәеи, аҭырқәцәеи) рҳәынҭқарра ҳәа азхаҵара аиуит. Убри ашьҭахь, араҟа рхы ыҵырхуа иалагеит абырзенқәеи аҭырқәцәеи реиҿагыларақәа. Ҭыԥқәак рҿы абџьаргьы шьҭырхит, иагьеибашьуан", — ҳәа иҳәеит Меҳмеҭ.

Меҳмеҭ аҭоурых далацәажәауа иазгәеиҭеит Кавказ ажәларқәа еиҳарак Аладатәи Кипр аган ахь ишынхоз. Аԥсуаа, аҭырқәцәа ирхыԥхьаӡалан ихырҵәан, иҭахазгьы даараӡа ирацәаҩуп. Абырзенқәа рнапаҿы иҟоу адгьыл аҿы иахьагьы ирацәоуп адыга қыҭақәа. Адыгақәа рахь иԥхьаӡоуп: аҟабардақәа, адыгақәа, абазақәа, иара убас аԥсуаа. Урҭ рхы рыхьчарц азы, рҭоурых шьҭра алацәажәара иацәшәон. Рыԥсы еиқәхарц азы, наӡаӡа изхылҵуаз рҵәахуан. Избанзар, абырзен милаҭ ҵасра даҽа милаҭк рҳәынҭқарраҿы даанарбуамызт.

Маҳинур Папааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Маҳинур Папаԥҳа: Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа ҿырҳәала исҵон

"Османтәи аимпериа ахаан, амилаҭ еилаԥса ыҟазарц рҭахӡамызт. Убасҟан ауп, Кавказаа рыжәлақәа рцәыӡуа ианалага. Асулҭанра ишаҵанакуаз ала, абхьӡыла ажәла шьақәгылон. 1970 шықәсазы Кипр еиҿагылаз ажәларқәа ирыбжьадыргылеит Еиду амилаҭкәа реиҿкаара амчрақәа. Убри алагьы аибашьра аанкылан. Ашьақәгылара иалагеит ҩ-ҳәынҭқаррак: Аладатәи Кипр — адунеижәларбжьаратәи азхаҵара зауз, Аҩадатәи Кипр — Ҭырқәтәыла ада, адипломатиатә ҟазшьала азхаҵара змауз. Аладатәи Кипр аҿы иаанхаз Кавказаа, арахь имиасыр ада ԥсыхәа рмоуит. Зинда шәықәнагалеит Кипр, ҳәа ҭаха рырымҭеит. Аха, зегь дара роуп ирацәаҩуп уа зҽыҵәахны, зыхьӡи зыжәлеи ԥсахны зхы зыхьчаз Кавказ ажәларқәа рхылҵшьҭрақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы даараӡа ирацәаҩуп аԥсуаа", — иҳәеит Меҳмеҭ. 

Аҩадатәи Кипр аҿы аҽаԥсахит аҳәынҭқарратә политика. Кавказаа иреиуаз зегьы ажәла "Черқьез" ҳәа иҭарҩит. Убри азоуп, Кавказаа зегьы жәлак зрымоу.

Меҳмеҭ иажәақәа рыла, урҭ рхыԥхьаӡара даараӡа ирацәоуп, аха шаҟаҩ ыҟоу аӡәгьы ирыздыруам. Иҟоуп згәы иаанаго, Аԥснынтәи ихҵәаз амал зман иааз ауаа роуп ҳәа. Уи аҭырқәа сулҭан имеида рыманы, Кипр иааны, адгьыл иқәаарыхны, акрырҳара азин риҭеит.

19-тәи ашәышықәсазы Аԥснынтәи иааз рхыԥхьаӡара ахьтә иҟоуп анаплакқәа еиҿызкааз, иара убас ажь аарыхны аҩы ҭатәаны изҭиуаз, ауатка зыршуаз, арахә зааӡоз, ашә хыхны изҭиуаз, аџьынџьыхәа ҭзыжьуаз анаплакы. Абарҭқәа зегьы рыҭҵаара игәы иҭоуп аԥхьаҟа Меҳмеҭ аҭоурых ашьҭа дазааҭгылауа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0