Аԥсны Апарламент аҟны онлаин-трансляциақәа рымҩаԥысра: атехникеи афинансқәеи

© Fotolia / XyАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 5 рзы Аԥсны Жәлар реизара – Апарламент аҟны иалацәажәон Апарламент аилатәарақәа онлаин дырбара азҵаара. 32-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 14-ҩык уи иадгылеит, 13-ҩык мап ацәыркит, ҩыџьа рыбжьы рымҭиӡеит.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Илиа Гәниеи Баҭал Табаӷәуеи ргәаанагарақәа рҳәеит адепутатцәа имҩаԥырго аилатәарақәа ишиашоу ицо аефир ала дырбара ишазыҟоу.

Инарҭбаау арадиоинтевиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Апарламент аартра

Жәлар Реизара аилатәарақәа ишиашоу аефирахь ишьҭлатәуп ҳәа агәаанагара змоу дреиуоуп адепутат Баҭал Табаӷәуа.

"Сара сгәы иаанагоит Аԥсны Жәлар Реизара ахь иалху адепутатцәа ирыӡбо аусқәа ажәлар ирбозар ауп. Иҟалар ауеит убри аҩыза азҵаара Аԥсны аҳәынҭқарра ахьчара иазку, ма даҽа зҵаара џьбарак иазкызар, усҟан аилатәара аркны имҩаԥгазар ауеит. Ҳара иаҳҵәахуа ҳәа акгьы ыҟаӡам, ажәлар ирдыруазар ауп аус шаауа", — иҳәеит Табаӷәуа.

Апарламент аҟны иҟоу адепутатцәа еиҳа ҭакԥхықәрала аилатәарақәа ирызнеиуеит, еиҳа рҽазыҟарҵоит иқәгылоу азҵаарақәа урҭ ишиашоу дырбара иалагар, ҳәа иԥхьаӡоит Тапаӷәуа.

Жәлар Реизара аилатәарақәа ишиашоу ицо аефирахь аҟаҵаразы иаҭахуп инҭкааны ари азҵаара аӡбара, ҳәа игәы иаанагоит адепутат.

Апарламент аилатәараҟынтә атранслиациақәа ҟалаӡом - Sputnik Аҧсны
Апарламент аилатәараҟынтә атранслиациақәа ҟалаӡом

Апарламент аҿы ирыдыркыло аӡбарақәа зегьы ауаажәларра ирдыруазароуп, ҳәа иазиԥхьаӡоит иара.

"Ҳара ҳаилатәарақәа ирылахәуп ажурналистцәа. Урҭ ҳара иаҳҳәо зегьы ртәы рыҩуеит, ицәырыргоит. Иахьатәи аамҭазы аинформациа узыҵәахӡом. Ҳаргьы маӡа ҳамамзароуп ҳажәлар рҟынтәи", — ҳәа азгәеиҭоит Табаӷәуа.

Аус адулатәуп

Адепутат Илиа Гәниа абжьыҭараан мап ацәикит Жәлар Реизара аилатәарақәа ишиашоу аефир ала дырбара.

"Ари азҵаара Апарламент аҿы иқәгылеижьҭеи акыр ҵуан. Ари ақьаад анудукыла инаугӡар ауп, ауаа ирбарц азы акамерақәа ықәыргылатәуп, иҟазҵода ари, Аԥсуа телехәаԥшра аума, мамзаргьы акамерақәа ықәыргыланы ҽакала аинтернет иҭаҵатәума, иҳамоума ус алшара. Иаадыруазар ауп ари аус иацу ауалафахәы, имариоуп ари ҟаҵатәуп ҳәа наҳәаны аӡәы инаиджьыланы ацара, аха уи ҟаларц азы аџьабааи аԥареи ақәырӡтәуп", — иҳәеит Гәниа.

Адепутат иажәақәа рыла ишиашоу ицо атранслиациақәа рзы Апарламент ақәҵара иара иахь инеиит аилатәара минуҭқәак шагыз.

"Сара избаз ақәҵара азҵаарақәа жәпакы сызцәырнагеит. Адокумент удукылар ауеит, аха иара нас инагӡатәуп", — иҳәеит иара.

Иаҳҳәап акамерақәа рықәыргылара Аԥсны ателерадиоеилахәыра ахахьы иагоу, мамзаргьы аинтернет иадҳәалахоу шьақәыргылам, иҳәеит адепутат.

Жәлар Реизара аилатәарақәа ишиашоу  ицо аефирахь аҟаҵаразы иаҭахуп инҭкааны ари азҵаара аӡбара, ҳәа игәы иаанагоит адепутат. Убри инадҳәаланы аӡбра адкыларагьы наҟ инахатәуп ҳәа ишьоит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0