"Непара" аконцерт афилармониаҟны имҩаԥысит

© Sputnik / Илона Хварцкия"Непара" аконцерт афилармониаҟны имҩаԥысит
Непара аконцерт афилармониаҟны имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адует "Непара" аконцерт мҩаԥысит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҟны ԥхынгәы 10 рзы.

Аконцерт амҩаԥысшьеи уи аҷыдарақәеи ртәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik акорреспондент Амра Амҷыԥҳа лматериал аҟны.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа кәапеишәа иҭәын. Аҭыԥқәа ззымхаз ауаа абжьаларҭақәа бжьырҭәааны игылан. Аконцерт алагара аамҭа ҩеижәаҟа минуҭ ахылахьаны асценахь дааиуеит агәыԥ асолист— Александр Шьоууа, аамҭак ашьҭахь — Викториа Талышинскаиагьы.

"Викториа лгәалаҟам. Лара лыбжьы лзыҭкаауам. Дычмазаҩхеит. Ҳара иҳалшон џьоукы-џьоук реиԥш афонограмма ықәҳаргылар, аха уи ахаангьы ҳхы иаҳмырхәацт. Иагьҳамам. Убри азы иахьа ашәа шәзысҳәалоит сара", — иҳәеит Шьоууа.

Викториа Талышинскаиа лакәзар аконцерт мҩаԥысуанаҵы хәаԥшҩык иҳасаб ала азал аҟны дтәан.

Александр Шьоууа иакәзар, ихазгьы иҩыза лызгьы илшоз ҟаиҵон. Ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ицоз аконцерт аиҳарак напеинҟьарыла имҩаԥыргон азал аҿы итәаз ахәаԥшцәа.

"Аҩны, уԥсадгьыл аҟны ақәгылара еснагь агәҭынчымра ацуп. Иацуп аҭакԥхықәра дугьы", — иҳәоит ашәаҳәаҩ асцена аҟынтәи.

Шьоууа ицықәгылон аклавишник Дмитри Шатилин, агитарист Михаил Дмитриев, иара убасгьы аԥсуа музыкантцәа Анри Гәмбеи Алмасхан Марколиеи.

Апрограмма иарбамыз аиталиан ашәа Александр инеигӡеит акапелланы. Уи аҭакс ахәаԥшыҩцәа еицҿакны "Браво!" ҳәа рҳәеит.

Агәыԥ еицырдыруа ашәақәа ("Плачь и смотри", "Чужая семья", "Они знакомы давно", "Другая причина") Александр имацара иахьиҳәоз дара рхатәы маӡеи рхатә ҷыдареи роуит. Азал акәзар ашәаҳәаҩ иашәақәа шамахамзар ицырҳәон.

Аконцерт анҵәамҭазы асценахь аконцерт асас ҷыда дааԥхьо Александр иҳәеит иқалақь гәакьаҿ (Очамчыра – аред.) "метр ԥшьыркцак аҟны арҿиара знапы алаку 20-ҩык ауаа уԥылоит" ҳәа.

"Сара насыԥ ду сыманы схы збоит Валериа Адлеиаԥҳа асценахь лааԥхьара ахьсылшо", — иҳәеит иара.

Валериа лакәзар, агәилԥшшәы ҵкы дагәылыҷҷаауан. Ахәаԥшыҩцәа акраамҭа рнапы лзеинырҟьон.

© Sputnik / Илона ХварцкияВалерия Адлейба выступает на концерте группы "Непара" в Абхазской государственной филармонии в Сухуме
Валерия Адлейба выступает на концерте группы Непара в Абхазской государственной филармонии в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Валерия Адлейба выступает на концерте группы "Непара" в Абхазской государственной филармонии в Сухуме

Валери иналыгӡеит Уитни Хиустон лашәа "I have nothing". Лара лықәгылара ашьҭахь лнапы иазкуамызт илырҭаз ашәҭшьыҵәрақәа.

"Непара" аконцерт хыркәшахеит ашәа "Милая" ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0