Аԥсихолог: ацәгьауҩы аҿагылара шимоуа идыруазароуп

© Fotolia / Viacheslav LakobchukАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсихолог Анжела Ладариаԥҳа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит абџьар зманы иҟоу ацәгьауҩы дануқәло ухы шымҩаԥугаша атәы.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Абџьар кны иуқәло ацәгьауҩы аҿагылара шимоуа идыруазароуп, уиҿагыло уалагар иара игыгшәыгра еиҳагьы ицәыригоит, ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит аԥсихолог Анжела Ладариаԥҳа.

"Еснагь иуадаҩуп ацәгьоуҩы ихымҩаԥгашьа аилкаара. Ухы даара уацклаԥшны имҩаԥугароуп. Ацәгьоуцәа аҭагылазаашьа хылаԥшра шырзамҭо анырбалак ашәара рызцәырҵуеит, рхымҩаԥгашьагьы еиуеиԥшым", — лҳәоит аԥсихолог.

Лара лажәақәа рыла асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа зхызгаз ауаа хымԥада аԥсихолог ицхыраара рҭахуп. Иҟалалоит урҭ иҟоу-иану ахәшьара анырзамҭо.

Аԥсны Аԥыза-министр иҭахаз атурист иҭаацәа дырԥылеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аԥыза-министр иҭахаз атурист иҭаацәа дырԥылеит

Уаанӡа Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Русҭам Занҭариа аҳәамҭа ҟаиҵахьан Москватәи атуристцәа аԥсихологиатә цхыраара рыҭара мҩаԥысуеит ҳәа.

Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

Ацәгьоура ҟалеит амшын аԥшаҳәаҿы. Макьаназ зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Ацәгьоуцәа ирӷьычит иара убасгьы Кабанова Наталиеи уи ҩыџьа лхәыҷқәа – 2006 шықәсеи 2015 шықәсеи рзы иизи иара убасгьы Чижикова Наталиеи уи лхәыҷқәа ҩыџьеи, 2002 шықәсеи 2007 шықәсеи рзы иизи. Аоперативтә уснагӡатәқәа ирылыршаны ирӷьычыз ауаа рхы иақәиҭтәын.

Гәдоуҭа араионтә прокуратура абри ахҭыс аганахь ала ашьаусҭҵаара хацнаркит.

Аԥсны ААР ацәгьоуцәа рганахьала ииашоу аинформациазы миллион мааҭ инаӡоу аԥаратә гәазыҟаҵара шшәахо азы адырра ҟанаҵеит. Адыррақәа рыдыркылоит абарҭ аҭелқәа рыла:

+7 (840) 226-41-4 и +7 (840) 245-70-02

Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц хаҭала хылаԥшра аиҭоит иҭахаз атурист иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь агара. Атәыла Аиҳабыра уи азы иахәҭаны иҟоу ахарџьқәа ирыҵагылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0