АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Милена Барцыцԥҳа амузыкатә шоу "Битва талантов" афинал ахь днеиит. Абри атәы аҭел ала иаҳзаалыцҳаит Милена лхаҭа.
"Афиналбжаҿ иҟан акомандақәа ҩба – "Амца" "Аӡы". Дасу анапхгаҩы диман. Акоманда "Аӡы" — MBAND, акоманда "Амца" – Ани Лорак", — лҳәеит лара.
Амузыкатә проект "Битва талантов" афинал аҟны иқәгылоит 23-ҩык.
"Иҟалоит афинал аҿы ашәа ҿыц сырҭар. Иҟалоит уаанӡа исҳәахьоу акы алысхыргьы", — лҳәоит лара.
Апроект "Битва талантов" афинал мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 15 рзы.
Милена Барцыцԥҳа дрылахәхахьеит аконкурсқәа "Голос. Дети", "Детская Новая волна", уажәы лхы ԥылшәоит апроект "Битва талантов" аҟны.
Жәабран 27, 1919 шықәсазы раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит аԥсуа милаҭтә газеҭ "Аԥсны".
Sputnik
"Аԥсны" – ԥсышәала иҭыҵуа ауаажәларра-политикатә газеҭуп. Агазеҭ "Аԥсны" 1921 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа "Аԥсны ҟаԥшь" ҳәа иҭыҵуан, аштат аҟны 22-ҩык аусзуҩцәа аман. Асовет аамҭазы 42-ҩык аусзуҩцәа змаз агазеҭ "Аԥсны", атираж 15-16 нызқь рҟынӡа инаӡон.
"Ҳара ҭоурыхла иаадыруа, ҳзыԥхьахьоу, иҳамоу аматериалқәа рыла уазхәыцыр, уамашәа иубартә иҟоуп усҟан 1919 шықәса рзы Аԥсны аменшевикцәа ахаԥаны ианыҟаз, Гәлиа излаилшазеи агазеҭ аҭыжьра ҳәа. Гәлиа иҩызцәеи иареи хырхарҭак арҭеит агазеҭ, уи актәи аномер инаркны иаҳәоз аԥсуа жәлар рхьаа акәын, уи рҟырҟы икылхны инарыгӡеит", - азгәеиҭеит агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада Енвер Ажьиба.
Аредақтор хада иажәақәа рыла агазеҭ хықәкыс иамаз, иахьа уажәраанӡагьы иамоу ҳмилаҭи ҳбызшәеи реиқәырхара ауп, абиԥара ҿа ԥсуаҵас рааӡара ауп.
Агазеҭ аҭыҵра ианалага инаркны аԥсуа литеаратура аҩаӡара ҳаракхеит, аԥсуа журналистикагьы аҿиарамҩа ианылеит. "Агазеҭ "Аԥсны " аредакциа иҩнымсыз иахьатәи ҳашәҟәыҩҩцәеи, ҳҵарауааи шамахамзар иҟаӡам, зегьы абра хәышҭаараны ӡыжәырҭаны ирыман, абраҟа аԥышәа ду шьҭыркааит, иҳәоит иара.
Аԥсуа журналистцәа аӡәы иҵымхо иҟаҵатәуп, ҳәа Sputnik иаиҭаз аинтервиуқәа руак аҟны иҳәахьан Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
"Аԥсуа журналистцәаа аӡәы иҵымхо иҟаҵатәуп. Уи азыҳәан аусура, аҿиара, азҿлымҳара, адгылара аҭахуп. Еиуеиԥшым аҿиара аетапқәа рҿы иаҭахуп, аҵара инаркны, атехникалеи аулафахәылеи реиқәыршәара, ауаажәларра рыбжьара аҳаҭыр қәҵара. Абарҭ зегьы еидҳәалоуп. Егьырҭ амчрақәа русура ажурналистикада инагӡаны изыҟалаӡом", - хәа иҳәеит Руслан Ҳашыг.
Ҳашыг иажәақәа рыла, ажәа ахақәиҭра амамзар, иацымзар аҭакԥхықәра изыҟалаӡом ажурналистика.
Иахьа, агазеҭ "Аԥсны" аиҳабыреи ажәлари рыбжьара ацҳаржәҳәаҩра ауеит. Урҭ иаԥырҵо азакәанқәеи, аусԥҟакәеи, рықәгыларақәеи инарываргыланы агазеҭ адаҟьақәа ирнылоит аԥсуа иԥсҭазаашьа атәы зҳәо астатиақәа.
"Аԥсны" — аԥсышәала иҭыҵуа ауаажәларратә-политикатә газеҭуп. Иара акьыԥь абеижьҭеи иҵуеит 102 шықәса. 1921-1991 ашықәсқәа рзы агазеҭ ҭыҵуан "Аԥсны ҟаԥшь " ахьыӡны.
Иахьазы, ҳҳәынҭқарраҿы ԥсышәала мацара иҭыҵуа агазеҭ "Аԥсны" заҵәык ауп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Раҭҳа Матуаԥҳа: аԥсуа журналистика аамҭа ашьаҿа иахьыгӡалатәуп
"Аԥшьгамҭа анырра аиураны ианыҟало усҟан ауп, ҳтәылаҿы иҵарны иқәгылоу азҵаарақәа маҷк иадымхаргьы иамхны ирзыҟаҵар. Аԥсны аҵыхәтәантәи жәа-шықәса аполитикатә ԥсҭазаара - аполитикатә еибафараны иҟалеит. Уи акәша-мыкәшагьы иҟоу иазгәарҭо, ирҳәо, милаҭла ҳҳәынҭқарра аизҳара акәӡам, ари иҭышәынтәалоу, иҭынчу республиканы ианбаҟало ҳәа ауп. Иаԥҵоу ари ахеилак иҟалаз аполитикатә еибафара аҭышәынтәаларахь икылнагар, усҟан ахықәкы наӡеит ҳәа уҳәаратәы иҟалоит, ус акәымкәа баша, акы ианҵаны абри мҩаԥаҳгеит ҳәа, хӡыргараны иаанхар, уи баша имҩаԥысит ауп, аныррагьы ҟанаҵаӡом, амчраҿы иҟоугьы рыхьӡ ланарҟәуеит. Рамбициақәа ааныжьны, Аԥсны аҳәынҭқарра аҿиараҿы иазеиӷьхо ҟаҳҵап ҳәа иаартны изҳәо зыҟамлеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы адәныҟатәи аусқәа акәша-мыкәша иӡбны иҟан, аха убас ахҭысқәа мҩаԥысуа иалагеит, аполитикагьы аҽаԥсахит Аладатәи Кавказ, Аԥсны ирацәаны ақәыӷәӷәара аиуа иалагоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳагба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ауаажәларратә палата адублиаж, мамзаргьы акгьы злымҵуа аус
Гәынба ауаажәларратә хеилак аԥҵаразы: ажәлар иргәаԥхарцаз акәӡам, алҵшәа аиур ҳҭахуп