Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлаз рҿахәы рҿырхуеит

© Sputnik / Alexey Filippov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи атуристцәа ирықәлаз рҿахәы рҿырхуеит
Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлаз рҿахәы рҿырхуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәгьоура аҭыԥ аман ԥхынгәы 11 асааҭ 12.20 рзы Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан. Абџьар ахархәара аҭан дшьын урыстәылатәи атурист Андреи Кабанов.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иааныркылеит урыстәылатәи атуристцәа абџьар ахархәара аҭан ирықәлаз, Урыстәыла атәылауаҩ Андреи Кабанов дызшьыз ацәгьауаҩцәа, аишьцәа: 1988 шықәса рзы ииз Аџьынџьал Адгәыр Уасил-иԥеи 1987 шықәса рзы ииз Аџьынџьал Даур Уасил-иԥеи.

Аишьцәа Адгәыри Даури Џьынџьалаа рҿахәҿыхра мҩаԥысуеит.

"Ԥхынгәы 16 рзы даанкылан 1987 шықәса рзы ииз Аџьынџьал Даур Уасил-иԥа. Уаанӡа, ԥхынгәы 15 рзы даанкылан Аџьынџьал Адгәыр Уасил-иԥа. Аишьцәа рҩыџьагьы Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭа аҿы инхоит. Дара руаӡәк ашьаусҭҵааратә органқәа аус рыциуеит. Убри инадҳәаланы аус азы аҵакы зманы иҟоу амаҭәарқәа – ахьымаҭәа, афотоаппаратқәа ҩба, аҳәызба ԥшаауп", — ҳәа аҳәоит Апрокуратура хада адырраҟны.

Ацәгьоура аҭыԥ аман ԥхынгәы 11 асааҭ 12.20 рзы Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан. Абџьар ахархәара аҭан дшьын урыстәылатәи атурист Андреи Кабанов.

Ацәгьоура ҟалеит амшын аԥшаҳәаҿы. Макьаназ зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны аҭыԥ змаз ақәылара азхьаԥшра анаҭоит

Ашьаусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргон Гәдоуҭа араион апрокуратура аусзуҩцәа.

Ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба далахәны имҩаԥысит Урыстәылатәи атуристцәа рықәлареи атурист иҭархареи раарԥшразы иаԥҵаз Аоперативтә штаб аилатәара.

Аԥсны Ахада инапынҵала Аԥыза-министр Беслан Барцыц хаҭалатәи инапхгараҭарала имҩаԥган атурист иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь агареи иҭаацәа уахь рцареи.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз иазгәеиҭеит изныкымкәа ареспублика анапхгара ргәы рыҽшаниҵахьаз урыстәылатәи атуристцәа ршәарҭадара аԥыжәара аманы аҟазаара ахәҭоуп ҳәа. Агәыӷрагьы ааирԥшит ацәгьоуцәа иаарласны иаанкыланы рықәнага иақәыршәахоит ҳәа.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иааныркылеит урыстәылатәи атуристцәа абџьар ахархәара аҭан ирықәлаз, Урыстәыла атәылауаҩ Андреи Кабанов дызшьыз ацәгьауаҩцәа, аишьцәа: 1988 шықәса рзы ииз Аџьынџьал Адгәыр Уасил-иԥеи 1987 шықәса рзы ииз Аџьынџьал Даур Уасил-иԥеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0