30-ҩык асовет салдаҭцәа рыԥсыбаҩ Санчаратәи акаҵәараҿ иԥшаауп

© Sputnik / Алексей Бушкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснытәи ашьхақәа
Аԥснытәи ашьхақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашьхақәа рҟны имҩаԥысуеит жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә ԥшааратә експедициа "Санчара. Высокогорный фронт-2017".

АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 30-ҩык асовет салдаҭцәа рыԥсыбаҩ Санчаратәи акаҵәараҿ ирԥшааит жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә ԥшааратә експедициа "Санчара. Высокогорный фронт-2017" алахәылацәа. Абри атәы ҳзааицҳаит аекспедициа аиҿкааҩ Николаи Медвенски.

"Арҭ асалдаҭцәа ҭахеит 1942 шықәса жьҭаара 15-16 рзы, асовет ар Санчаратәи акаҵәара рнапахьы иааргарц имҩаԥыргоз ажәыларақәа раан. Усҟан даара аӡәырҩы ҭахеит. Аоперациагьы қәҿиарадахеит", — иҳәеит иара.

Николаи Медвенски иазгәеиҭеит иҭахаз зегь рыԥсыбаҩқәа уажәгьы анышә ишамадам.

"2016 шықәса нанҳәамзазы атуристтә форумқәа руак аҟны аинтернет аҿы ицәырҵит аинформациа акаҵәараҿ аԥсыбаҩқәа шыҟоу азы. Аԥшааратә експедициа аиҿкааразгьы иаразнакы аидеиа ҳазцәырҵит", — иҳәеит иара.

Николаи Медвенски иажәақәа рыла ԥхынгәы 20 рзы иазыԥхьагәаҭоуп аԥсыбаҩқәа ԥсҳәы ақыҭахь рылбаагара, ԥхынгәы 22 рзы урҭ анышә иамадахоит.

"Аекспедициа "Санчара. Высокогорный фронт-2017" иахықәкы хаданы иҟоуп асовет салдаҭцәа рыԥсыбаҩқәа 75 шықәса рышьҭахь ишахәҭоу еиԥш анышә рамадара» — иҳәоит Медвенски.

Аԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуан атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба инапынҵала. Еиҿкаан Аусбарҭабжьаратә комиссиа, Ахада Иусбарҭа аиҳабы Даур Аршба зхадараҿы дыҟаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0