37 шықәса акумир ида: Высоцкии Аԥсныи

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВладимир Высоцкий в роли Бродского в фильмке Геннадия Полоки "Интервенция".
Владимир Высоцкий в роли Бродского в фильмке Геннадия Полоки Интервенция. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иԥсы шҭаз илегендоу апоет ҳәа ззырҳәоз, ашәаҳәаҩ, ашәа ссирқәа равтор, актиор Владимир Высоцки дыԥсижьҭеи иҵуеит 37 шықәса. Аԥсныи иареи реидҳәалара азкуп Sputnik Аԥсны иеиднакылаз аматериалқәа.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Владимир Высоцки – еицырдыруа ашәаҳәаҩ, иахьагьы адунеи аҟны ирацәаҩуп иашәақәа здыруа, иазыӡырыҩуа, бзиа избо. Ашәаҳәаҩ ихьӡ Аԥсынгьы иадҳәалан, изныкымкәа арахь даахьан.

Аԥсныи Высоцкии рҭоурых 1972 афильм "Хороший плохой человек" аҭыхрала ихацыркхеит. Афильм аҟны Высоцки ароль хада неигӡон. Афильм аиҳара Ҟрым иҭырххьан, Аԥсны иҭырхраны иҟаз ахәҭақәа рзы аҭыхратә гәыԥ Гагра иахьааиз ауадаҩра иақәшәеит. Дара аангылараны иахьыҟаз асасааирҭа "Гагрыԥшь" аҟны аҭыԥқәа ҟамлеит. Аномерқәа ааныркылеит ақырҭуа фильм "Амза амҵарсра" ҭызхуаз агәыԥ алахәылацәа.

© Foto / Архив Владимир Высоцкий в Абхазии
Владимир Высоцкий в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Владимир Высоцкий в Абхазии

Гагра инхоз Григори Чепиа актиорцәа иҩныҟа инеиԥхьеит. Абра ахы акит урҭ реиҩызарагьы. Иахьагьы Чепиаа рҭаацәараҟны иахӡыӡо иҵәахны ирымоуп Марина Влади ҳамҭан инлыжьыз ашьали Высоцки дызлахәмаруаз агитареи.

Чепиаа рҭаацәара Высоцки изы игәакьацәахеит. Валери Перевозчиков ишәҟәы "Ну здравствуй, это я" аҟны иааигоит Высоцки Гаграҟа, 1974 шықәса рзы иааишьҭыз асалам шәҟәы: "Бзиа избо диадиа Грышьеи тиотиа Лиубеи. Изыҩуа шәара ахәбатәи шәыҷкәын иоуп. Сара схы сымҩахо аусура саҿуп. Ташкенти Алма-Атеи сыҟан. Маринагьы Франциантәи салам шәылҭоит. Сшәыҳәоит Сева Абдулов иан Елизавета Моисеевна дшәыдышәкыларц. Лыԥсы лшьарц лҭахуп аамҭақәак. Сара лара анык леиԥш дысшьоит. Сгәы иаанагоит шәаргьы бзиа дыжәбап ҳәа. Зегь салам сызрышәҭ. Бзиа шәызбоит. Шәыҳалалра схашҭуам. Ҳаиԥылараҟынӡа, Владимир Высоцки".

Ажьырныҳәа 25 рзы Владимир Высоцки ихыҵуазаарын 79 шықәса - Sputnik Аҧсны
Марина Влади лшьали Аԥснытәи Высоцки иажәеинраалақәеи

Высоцкии Аԥсныи – тема ҷыдоуп. Высоцкии Владии Пицундеи Аҟәеи иҭырхуаз рфотосахьақәа 1972 шықәсеи 1973 шықәсеи ҳәа арыцхәқәа рыҵаҩуп. Аԥсны еицырдыруеит Высоцки иажәеинраала "Знакомым в Гагре". Иара 1972 шықәсазы иҩит ҳәа ишьоуп. Брежнев иеиҭагаҩ, Высоцки иҩыза Виктор Суходриов ишьақәирӷәӷәон 1973 шықәса рзы Пицунда иҩын Высоцки иашәа "Штормит весь вечер, и пока…" ҳәа.

Аҭыхратә гәыԥ мҩаԥызгоз афизика-техникатә институт аусзуҩцәа аҳәара ҟарҵеит Высоцки аконцерт мҩаԥигарц. Иаргьы дақәшаҳаҭхеит.

Афизико-техникатә институт аҟны имҩаԥысыз аконцерт даҳзалацәажәеит уи аконцерт ахәаԥшҩы Маргарита Селиванова.

"Аконцерт маҷк ихьшәаны иалагеит. Высоцки иааира иазыԥшын. Асценахь днеиит рацәак зоура ыҟамыз ауаҩы ԥшӡа. Асахҭан иалхыз кьаҿк ишәын. Иааишәыхны аҟәардә инхишьит. Еизаз аԥсшәа ааҳаҳәаны иаразнакы иазгәеиҭеит ара аҟазаара агәахәара ду шинаҭо. Аконцерт цонаҵы изныкымкәа игитара арахәыцқәа ԥҵәеит, убасеиԥш ихы-иԥсы аҭаны дыхәмаруан", ҳәа еиҭалҳәоит лара.

© Foto / Константин МустафидиНа пляже Пицунды. Август 1973 года
На пляже Пицунды. Август 1973 года - Sputnik Аҧсны
На пляже Пицунды. Август 1973 года

Уаанӡа лара Высоцки иашәақәа ҭаҩны акәын ишлаҳахьаз.

"Ҳгәылак дыҟан, Сергеи Мезниченко ҳәа. Иара Высоцки даара бзиа дибон, иашәақәа зегьы амагнитафонтә лента ианҵаны иман. Ҳәарада азал аҿы утәаны уззыӡырыҩуа ашәеи амагнитафонтә лента ианҵаны уззыӡырыҩуеи еиԥшымызт", ҳәа лгәалалыршәоит лара.

Маргарита Селиванова шамахамзар Высоцки иашәақәа зегьы бзиа илбоит. Иааидкыланы, еиҭарҳәо аҭоурыхқәеи иҟоу афотосахьақәеи рыла иумбарц залшом Высоцкии Аԥсныи рыбжьара абзиабара хаа ыҟаны ишыҟаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0