Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист иԥшаара иаҿуп

© Sputnik / Алексей Бушкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист иԥшаара иаҿуп
Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист иԥшаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз урыстәылатәи атурист иԥшаара иаҿуп, ҳәа ҳаиҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

"Москватәи аобласт аҟны инхоз Урыстәыла атәылауаҩ Андреи Лихачиов иԥшаара иаҿуп. Ҳара иара дахьынхоз ақалақь Раменски аҟынтәи аинформациа ҳауит ԥхынгәы 9 рзы аҳәаа иахысыз Андреи Лихачев ихабар ыҟам ҳәа", — иҳәоит Кәыҵниа.

Аминистр иажәақәа рыла атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, Аӡеиқәа, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц, нас уахьынтәи Гаграҟа дхынҳәырц.

"Аҵыхәтәантәи аицәажәара рыман иани иареи ԥхынгәы 12 рзы. Усҟан иара иҳәеит зегь бзиоуп ҳәа. Ԥхынгәы 22 рзы Шәачантәи иҩныҟа дԥырраны дыҟан", — иҳәеит аминистр.

Иара иазгәеиҭеит аинформациа шроузҵәҟьа аԥшаарақәа ишрылагаз, аха макьаназы лҵшәа шыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0