Пицундатәи ауарӷан агәаҳәара знаҭоз: Микаел Таривердиев игәалашәара амш

© Sputnik / Виталий Карпов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраакомпозитор Микаел Таривердиев
акомпозитор Микаел Таривердиев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны еснагь аҟазара знапы алакыз ауаа аднаԥхьалон. Ашәҟәыҩҩы Антон Чехов, апоет Евгени Евтушенко, ашәаҳәаҩ Владимир Высоцки уҳәа еицырдыруаз ауаа Аԥсны даара бзиа ирбоз ҭыԥын. Убарҭ дрыҵаркуан акомпозитор Микаел Таривердиевгьы. Акомпозитор игәалашәара иазкуп Sputnik Аԥсны иазнархиаз аматериал.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Микаел Таривердиев —132 кинофильм амузыка рзиҩхьан, 100 инареиҳаны ашәақәеи аромансқәеи иҩхьан, абалетқәа ԥшьба, аоперақәа ԥшьба, ауарӷан азы аконцертқәа хԥа, аскрипказ аконцертқәа ҩба, акамератәи авокалтәи циклқәеи асимфониақәеи дравторуп.

Таривердиеви Пицундатәи ауарӷани

Микаель Леон-иԥа есышықәса Пицунда иԥсы ишьон. Раԥхьаӡа акәны араҟоуп иахьиаҳаз усҟан зынӡа иқәыԥшыз Лиудмила Габриа-Галустиан лыбжьы. Уи инаҭаз анырра ашьапы анаркит ирҿиараҿы аетап ҿыц. Убасҟан, раԥхьаӡа акәны иҩит ауарӷан азы аконцерт "Кассандра".

Иара еснагь иҩныҵҟа иҭыҩуаз абжьы амузыкахь иигалар иҭахын. Иааит ауарӷан аамҭагьы. Иҩныҵҟа, игәаҵаҿы ауарӷан абжьы аниаҳауп аҩрагьы даналага. Абри ала иалагеит иҟазараҟны ихьшәаз аетап.

Владимир Высоцкий в роли Бродского в фильмке Геннадия Полоки Интервенция. - Sputnik Аҧсны
37 шықәса акумир ида: Высоцкии Аԥсныи

Аԥсны ииҩыз рацәаӡоуп. Еиҳаракгьы Аҟәа. Исҳәар ауеит ирҿиамҭақәа раӷьырак аброуп иахьиҩыз ҳәа — иинструменталтә концертқәа зегьы, аоперақәа ҩба, акино азы имузыкатә рҿиамҭақәа реиҳарак. Арҿиара ҩны "Лиле" аныҟамызгьы иара Аԥсныҟа даауан. Владимир Маиаковски иажәеинраалақәа ирылху ацикл иҩит Пицунда, 1959 шықәса рзы. Иаанхеит ичыбаҭаҵа нотатә шәҟәы. Уаҟа иҟоуп абри аҩыза анҵамҭа: "Амшын аҟәараҟны оумашәа аусура агәаҳәара ацуп, аха ухала уаныҟоу акалашәа зегь агәхьаагара рыҵоуп. Ишԥарыдыркыларишь Москва изҩыз ацикыл". "Изакәу сзымдыруа џьара ак сҭахуп. Иеилыскаар исҭаху — сҭынчхап". "Заҟа ирацәоузеи улаԥш здызымхало аҳәсақәа. Рылаԥшқәа акгьы рҳәаӡом. Иҟалап сара згәы ҿыӷьуа уаҩԥагьак сиеԥшзар. Аамҭа 6.30. ҟалахьеит. Хәылбыҽхоуп".

Аԥсны иԥсшьареи иусуреи

Микаель Леон-иԥа дхәыҷаахыс Аҟәаҟа даалон. "Хынҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы акомпозиторцәа рҟазара Аҩны "Лиле" ҳаауа ҳалагеит. Еснагь номерк аҿакәын ҳахьаангылоз (аҩбатәи аетаж аҟны иҟаз аномер ԥшьба). Есышықәса ҩба-ҩба мзы ҳаауан. Уахь инеиуан Радион Константин-иԥа Шьедрин, Маиа Михаил-иԥҳа Плисецкаиа. Радиони иареи еиҩызцәан, бзиа еицырбон аӡтәы спорт хкқәа. Зны, Микаель Леон-иԥа Каннтәи афестиваль аҟны даныҟаз, ԥыҭк уаангыл ҳәа иарҳәеит, аха иара мап икит. "Аҟәаҟа апутиовка сымоуп" иҳәеит. Ишәҟәы "Я просто живу" аҟны ирацәоуп Аҟәа иазку, уаа аамҭа шихигоз, амузыка шиҩуаз, ибара ҳәа инеиуаз рыӡбахә уҳәа ирацәоуп дызлацәажәо" ҳәа еиҭалҳәоит таривердиев иԥшәмаԥҳәыс Вера.

Таривердиеваа рҭаацәара Аԥсны раамҭа маҷымкәа ирхыргон. Аҟәа, Пицунда ԥсшьарҭа ҭыԥны ирыман. Вера Таривердиева иазгәалҭоит, акомпозитор ирҿиамҭақәа реиҳарак Аԥсны иԥсы анишьоз иаԥиҵеит ҳәа.

Ԥхынгәы 25 1996 шықәса рзы, Шәача, арҿиаратә Ҩны "Актиор" абарҵа дықәгыланы илаԥш Аԥсныҟа ирханы дыԥшуан Микаел. Абзиараз зҳәоз лаԥшын ари алаԥш. Аҵыхәтәантәи лаԥшын. Зны бзиа иибоз аҭыԥ лаԥшыла абзиараз ҳәа даԥырҵуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0