Госдеп агәаҳәара

© Sputnik Лев РыжковАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асоциалтә даҟьа Феисбук аҿы ицәырҵыз аноним Timur Kodory "Бизнес или предательство Апсны?" захьӡу ианҵамҭа дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аполитика здыруагьы иззымдыруагьы еилдырго, излацәажәо АКЦ (ИКЦ) азы Аԥсныи Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ауп. Ԥхынгәы 26 рзы, Жәлар реизара уи ашәҟәы амҩа анаҭеит бжьыҭирала. Абри анеилдырго аамҭазы, асоциалтә даҟьа Феисбук аҿы иаацәырҵит, аноним Timur Kodory "Бизнес или предательство Апсны?" захьӡу ианҵамҭа.

Аноним иқәиргылаз иацуп афото ҭыхымҭақәеи ашәҟәқәеи. Уаҟа ҳаԥхьоит "аԥсуааи ақырҭқәеи аԥсуа бызшәа аиқәырхаразы" апрект аус адулара ишалагаз Госдеп анапхгарала. Апроект мҩаԥыргоит Молдова. Абар ассир. Иҳабашьыз, ҳашколқәа азыркуаз ақырҭқәеи ҳареи Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа аиқәырхаразы аус еицаҳуазаап.

Асоциалтә ҳа Феисбук - Sputnik Аҧсны
Анегатив иашьцылаз

Ари азҵаатәы алацәажәара уадаҩуп, апроект анапхгаҩцәеи, аофициалтә структурақәа рхаҭарнакцәеи ргәаанагара ҳмаҳакәа. Аноним иқәиргылаз ииашоу ииашаму аилкааразы, иаҭахуп иаарту аицәажәара. Аха, макьана абри азҵаатәы феисбукаа роуп иалацәажәо, ахәынҭқарра анапхгаҩцәеи апроект ҵатәышьаҟас иамази ажәлар рахь ицәырҵны рҿахәы рҳәом.

Аноним Timur Kodory ианҵамҭақәа есыҽны ирызҳауеит, абар иацы ицәырҵит раԥхьатәи иашьашәалоу ахԥатәи ашәҟәы. Уи иану иашазар, Госдепаа аԥсуааи ақырҭқәеи реидкыларазы инырхуа аԥара маҷым, зегь реиҳа ихьаагатәу, арҭ илаԥшхырԥагоу апроектқәа ирыладырхәуеит аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, хықәкыла ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Молдова анеира азин анрымам аамҭазы, аԥсшәа "аиқәырхара" азҵаатәы азы ҳара ҳтәылауаа Кишиниов ашҭа аҭаларазы рымҩа аартуп. Апроект ахҳәааҿы иануп "Арҭ аиԥыларақәа ирылахәхо алшара роуеит аԥсшәа аиқәырхаразы аконцепциа ашьақәыргыларазы". Абри аҩыза алакә концепциа шыҟаз, ҳара ҳтәылаҿы аноним имҳәар аӡәгьы имырзацызт.

Владимир Касландӡиа ишәҟәы - Sputnik Аҧсны
Ачынуаа рзы аликбез

Аноним ииҩуа иашазар, Аԥснынтәи уи иалахәын, ажурналистцәа, ашәҟәыҩҩцәа, апедагогикатә институт ахаҭарнакцәа, аҵарауаа, абызшәа арҿиара афонд аусуҩцәа (уи зыршаҳаҭуа афотоқәа ацуп). Аха, макьаназы аофициалтә мчра ари азҵаатәы азы ҿымҭӡакәа излатәо ала, иахәҭаны исыԥхьаӡом иалахәыз рсиа аиҭацәыргара, уи ануп аноним иқәиргылаз анҵамҭаҿы.

Аԥснынтәи уи апроект ҵәатәышьаҟас иамоу ртәы ҳазааҭгылозар, зыхшара абызшәа дызмырҵаз, зхаҭагьы зҿахәы ззымҳәо роуп. Хымԥада, уи азы рхы иадырхәеит абызшәатә культура ныҟәызго ауаа, аҳәарагьы уадаҩуп, урҭ еилкааны ирымазма иахьцоз зҵаатәы хадас иқәгылаз арбану? Макьаназы, асиа иану аинтеллигенциа рахьтә аӡәгьы иҿахәы имҳәацт.

Аха, абас еиԥш иҟоу апроектқәа Госдепаа рзы, хымԥада ҵакыс иамоуп "Еибашьрада Аԥсны Қырҭтәыла азыргьежьра" захьӡу апроект ду анагӡара. Аха, ҳара уи аамҭазы, ҳазхазҵаз Урыстәылеи ҳареи АКЦ (ИКЦ) азы иҳабжьаҳҵо Жәлар реизара адапутатцәа рӷьырак рыбжьы зырҭаз аиқәшаҳаҭра ҳаҿаапкуеит, уи алагьы Госдепаа идҳарбоит, аурысқәеи ҳареи ааибышьа ҳамамшәа.

"Урҭ ирмаабуазар, Сталин мчыла излеиҵаз Қырҭтәыла ашҟа иҳаргьежьып" ҳәа хәыцырҭас иҟаҵаны, ҳара ҳбызшәа аиқәырхаразы аԥсуааи ақырҭқәеи злахәу аконцепциа аус адулара иалагхьеит. Ирыцҳароу, ҳтәыла анапхгара рыбжьы ахьыдмырго ауп. Ари ақәҿымҭра иаанагоит, аринахысгьы Госдеп апроектқәа аҿиара роуа иҟаларц шалшо. Госдепаа ргонорарқәа ракәзар, аԥсуа улафахәы акыр иахыҳәҳәоит, уимоу ҳтәыла абиуџьет иаадҩыло иҟоуп. Шәазхәыц, ари азҵаатәы хылаԥшрада инхар, шаҟа имариахо иԥшьоу ҳхақәиҭра ашьаҟьара.

Автори аредакцеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0