Аиааира амшныҳәа азгәаҭашьа апрограмма азырхиоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПразднование Дня Победы в Сухуме
Празднование Дня Победы в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иргаз аиааира амшныҳәа иазку агәырӷьаратә уснагӡатәқәа Аԥсны ахи-аҵыхәеи имҩаԥыргоит.

АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иргаз аиааира амшныҳәа иазку агәырӷьаратә уснагӡатәқәа хацыркхоит цәыббра 25 рзы, иагьрыцҵахоит цәыббра 30 рҟынӡа.

Ареспублика Акультура аминистрреи Аҟәа ақалақь Ахадареи рҟны адырра злаҟарҵаз ала, цәыббра 25, асааҭ 11:00 рзы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҟны ицәыргақәҵахоит И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ахәбатәи жәларбжьаратәи афестиваль аҟынтәи аекспозициа "Амшын аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа".

Цәыббра 26, асааҭ 12:00 рзы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥысуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа, аԥрыҩцәеи аԥрыҩцәа ҿарацәеи реиԥылара.

Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахы ианақәиҭыртәыз амш, цәыббра 27 рзы, ашьыжь, асааҭ 09:00 рзы имҩаԥгахоит аспорттә еиндаҭларақәа. Урҭ ирылахәхоит изҭаху зегьы. Афон Ҿыц–Ԥсырӡха–Каман–Аҟәа амаршрут ала имҩаԥгахоит автоеиԥхнырҩлара "Аибашьра амҩала".

Иара убасгьы цәыббра 27 рзы иазгәаҭоуп Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҟны Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рзы аекскурсиақәа рымҩаԥгара.

Цәыббра 29, асааҭ 12.00 рзы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша Амузеи аҟны имҩаԥгахоит Амшынеиқәа аказақцәа рыр асолдаҭцәа рҟынтә зҽалызкааз амедалқәа ранашьара ацеремониа.

Ихадоу аныҳәатә уснагӡатәқәа азыԥхьагәаҭоуп цәыббра 30 рзы. Абри аҽнгьы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша Амузеи аҟны имҩаԥгахоит Иаарту ашәқәа рымш. Амузеи аҿаԥхьа иргылахоит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба имаҵзуратә автомабиль – амузеи аекспонат хада. Амузеи иҟанаҵо адгыларала имҩаԥгахоит акциа "Ԥсра зқәым аполк" аныҟәара.

Аиааира амшныҳәа аҽны, асааҭ 18:00 рзы Афилармониаҿы имҩаԥысраны иҟоуп аныҳәатә концерт.

Аҟәа ахақәиҭра амш азгәаҭараан ҷыдала ақалақь Ахадареи Аҟәа Ахадара аҿари аспорти рзы аилаки имҩаԥыргараны иҟоуп аныҳәатә уснагӡатәқәа.

Цәыббра 27 асааҭ 10.00 рзы, Ахьӡ-аԥша апарк аҟны, Амемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Асааҭ 16:00 рзы Б.Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҟны имҩаԥгахоит ақалақь ауааԥсыра рзы еиуеиԥшым аныҳәатә уснагӡатәқәа.

Асааҭ 17:30 рзы атәыла раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыра ақыҭахьи Ахьӡ-аԥша абаҟахьи автоеиԥхнырыҩлара мҩаԥгахоит.

Асааҭ 18:00 рзы Аԥсны абираҟ иаҵагыланы амшын аԥшаҳәаҿы аныҟәара мҩаԥысуеит.

Агәырӷьаратә уснагӡатәқәа хыркәшахоит асааҭ 20:00 рзы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аконцерт ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0