Гыцба: Уалид Маршьан иԥсра ҳара ҳзы ицәыӡ дууп

© Sputnik / Томас ТхайцукИнар Гицба
Инар Гицба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи Арабтә Республика ауаажәларратәи арратәи усзуҩы , аинрал-маиор, аԥсуа хылҵшьҭра Уалид Маршьан иԥсҭазаара далҵит асабша, жьҭаара 14 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аинрал Уалид Маршьан Шьамтәыла инхо ҳџьынџьуаа адгылареи ацхыраареи еснагь ириҭон ҳәа иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟынтә анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Гыцба.

"Уалид Маршьан иԥсра аԥсуаа зегьы ҳзы ицәыӡ дууп. Ҳәарада ицәыӡуп Шьамтәылазгьы. Уалид иҭаацәара Шьамтәыла амчрақәа ҵәатәы шьаҟаны ирыҵагылаз ракәны иҟан", — иҳәеит иара.

Инар Гыцба еиҭеиҳәеит Уалид Маршьани иареи шеибадырыз 2013 шықәса рзы Шьамтәылан иҟазаараан. Усҟан иара инапы ианын аибашьра мца зхақьоуқьадуаз Шьамтәылантә ҳџьынџьуаа ралгара аиҿкаара.

"Уалид Маршьан ацхыраара ду ҟаиҵеит ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рыргьыжьразы", — иҳәеит иара.

Уалид Маршан - Sputnik Аҧсны
Ауаа ирзааигәаз аинрал: Уалид Абаза- Маршьан игәаларшәара аҳаҭыр азы

Уалид Маршьан иҭаацәара Шьамтәыла инхо ҳџьынџьуаа зықәгәыӷуаз ҭаацәараны иҟан.

"Уалид иашьа Шьараф Маршьан Шьамтәыла апарламент депутатс хынтә далырххьан. Аполитикатә ԥсҭазаара далахәын, акультуратә Центр дахагылан" ҳәа еиҭеиҳәоит Гыцба.

Уалид Маршьан Аԥсныҟа лассы-лассы даалон, Шьамтәыла инхо аԥсуа диаспора рыԥсадгьыл адҳәалара азҵаарақәа инапы рылакын иҳәоит Инар Гыцба.

Ажәабжьқәа зегьы
0