Гәылрыԥшьтәи аграрицәа амармалташьтә пты ақәхразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаЛечение цитрусовых от мраморного клопа
Лечение цитрусовых от мраморного клопа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион Ахадара ақыҭанхамҩа Аусбарҭа аиҳабы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ацитрус шәырқәа амармалташьтә пты иахҟьаны аԥхасҭа ду шроуз.

ГӘЫЛРЫԤШЬ, жьҭаара 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәылрыԥшь араион Ахадара ақыҭанхамҩа Аусбарҭа аиҳабы Рафик Григориан Sputnik иазеиҭеиҳәеит ацитрус шәырқәа амармалташьтә пты иахҟьаны аԥхасҭа ду шроуз, убри инадҳәаланы Гәылрыԥшьтәи аграрицәа амармалташьтә пты ақәхразы ауснагӡатәқәа шымҩаԥыргаз.

"Амармалташьтә пты сынтәа акыр аԥхасҭа рызнауит ацитрус плантациақәа, аиҳарак рышәҭраани, уажәы, ашәыр анырҿалеи. Ацитрус шәырқәа апты рӡы ахьрылнацәцәаауаз иахҟьаны иҩоит, нас икаԥсоит, иагькьакьахоит", — иҳәеит иара.

Иара убри аан анхацәеи анаплакыҩцәеи зегьы иахәҭаз аԥҟаррақәа ирықәымныҟәеит.

"Апты аҿагыларатә усқәа мҩаԥаагоит, ашықәса иалагӡаны ԥшьынтә-хәынтә аплантациақәа ҳхәышәтәит. Ахатәы нхамҩақәа аԥхасҭа рацәа роуит. Ауаа зегьы иаҳҳәоз иазымхәыцит" ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

© Sputnik Бадрак АвидзбаЛечение цитрусовых от мраморного клопа
Лечение цитрусовых от мраморного клопа - Sputnik Аҧсны
Лечение цитрусовых от мраморного клопа

Ҵыԥх иҭагалаз аҽаҩра аҟара аиура сынтәа иалымшар ҟалап ҳәа азгәеиҭоит Аусбарҭа аиҳабы.

Ақыҭанхамҩатә наплакы "Софиа" аҟны хәынтәуп аплантациақәа рхәышәтәуеижьҭеи. Рафик Григориан иҳәоит сынтәазы уаҳа ахәышәтәра мҩаԥаагом ҳәа.

"Ҳхы иаҳархәо ахәшә апты аиԥш егьырҭ амаҵақәагьы ашьуеит", — иҳәеит иара.

Ацитрус шәырқәа рҭагалара иалагоит абҵара 5 — 15 инаркны.

Гәылрыԥшь араион зегьы аҟны иахьазы аҽаҩра аарышьҭуеит 235 гектар ацитрус плантациақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0