Аекономика аминистрраҿы ахәдықәҵаратә фонд аартра иалацәажәеит

© Foto / предоставлено Саидом Гулария Саид Гулария
Саид Гулария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекономика Аминистрра аҿы абизнес маҷ адгылара иазырхоу аинститутқәа раҧҵара аперспективақәа ирылацәажәеит. Иазгәарҭеит ахәдықәҵаратә фонд аҟынтәи наплакҩык ицхырааразы хә-миллион мааҭ рҟынӡа аԥаразоушьҭра шазыԥхьагәаҭоу.

АҞӘА, жьҭаара 19 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҧсны аекономика Аминистрра аҿы абизнес маҷ адгылара иазырхоу аинститутқәа раҧҵара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара иазкны аилатәара мҩаҧысит. Аилатәараҿы иалацәажәан абизнес маҷ адгылара аҭаразы ахәдықәҵаратә фонд аԥҵара азҵаара иҳәеит Аԥсны Аекономика аминистрра азинтә ҟәша аиҳабы Саид Гәылариа, радио Sputnik аинтервиу аҭо.

"Аҳәынҭқарра анапхгара иатәу агарантиатә фонд аҧҵаразы аҧшьгара аҳәаанырцәтәи аусуратә ҧышәа аҟынтәи иаагоуп. Шьаҿа-шьаҿала иҭышәынтәаланы аусурала аҧышәа аиура иазырхоу аинститутқәа раҧҵаразы ихадоу усны иҟоуп. Иара напынҵа хаданы иамоу анаплакыҩцәа ирыҭахо акредитқәа хәдықәҵара рзуроуп", — иҳәеит Гәылариа.

Иара игәаанагарала ареспублика абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рхаҭарнакцәа акредитқәа роура хымԥадатәны иҟоуп, убри азы Аекономика аминистрра ажәалагала анаплакра аизырҳара ишацхраауа еиԥш, иааидкыланы ареспубликаҿы аекономика аизҳарагьы иаҵагәоит.

Агарантиатә фонд аидеиа ахықәкы хада инақәыршәаны, анорматә-зинтә шәҟәынҵақәеи азакәанҧҵареи иазҧхьагәарҭо абанк азыҳәарақәа зегьы ирықәшәо, еиҳа ихадоу апроектқәа алкаахалоит. Инагӡоу, мамзаргьы хәҭа-хәҭалатәи аиқәыршәара, иарбоу афонд ала аҳәынҭқарра ахахьы иагар алшоит.

Гәылариа иажәақәа рыла ахәдықәҵаратә фонд азы афинансқәа аҳәынҭқарратә биуџьет апроект иалаҵахар ауеит, урҭ аԥарақәа Амилаҭтә банк адепозит аҟны еизҳалоит.

Ахәдықәҵаратә фонд аҟынтәи аԥара аиуразы анаплакыҩцәа рганахь ала Аекономика аминистра ауалԥшьақәа шьақәнарӷәӷәахьеит: Анаплакҩы инаплакы Аԥсны иҭаҩзароуп, ареспублика ашәахтә органқәа рҟны ашәҟәы иҭагалазароуп, аҳәынҭқарратә биуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи рҿаԥхьа уал адымзароуп.

Заанаҵтәи азыԥхьагәаҭарала акредит апроцент 10% ирхымсыроуп.

Иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп абизнес-проектқәа Амилаҭтә банки иара ахәдықәҵаратә фонди рекспертиза рхыжьра.

Ажәабжьқәа зегьы
0