Иӡыз атурист иан: сԥа иԥсыбаҩ акәӡам Аԥсны ашьхараҿ ирбаз

CC0 / Hermann / МЧС Абхазии: пропавший в горах турист был знаком с маршрутом
МЧС Абхазии: пропавший в горах турист был знаком с маршрутом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩадатәи Кьылашәыртәи амҩа ԥшьбаҟа километра инацәхыкны ирбеит идырым ахаҵа иԥсыбаҩ.

АҞӘА, жьҭаара 19 –Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи ашьхақәа рҟны хабарда иӡыз Андреи Лихачев иан, Маргарита Лихачева агәаанагара лымоуп жьҭаара 15 рзы ирыԥшааз аԥсыбаҩ лыҷкәын итәӡам ҳәа.

"Сыҷкәын аҽа шьапымаҭәан ишьаз. Андреи ашьапымаҭәа ҿыц ааихәеит Аԥсныҟа данцашаз. Уажәы уи ахьааихәаз адәқьан аиҳаби сареи ҳаиқәшәараны ҳаҟоуп. Уаҟа ачекқәа ҳрыхәаԥшраны ҳаҟоуп, иарбан шьапымаҭәаз иааихәаз азы", — лҳәоит лара.

Маргарита Лихачева иазгәалҭеит Аԥснытәи ашьаусҭҵааҩцәеи лареи шеимадоу, уажәы Аԥсны анатомиатә експертиза амҩаԥгара ишаҿу.

МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны
АҶА: идырым ахаҵа иԥсыбаҩ ԥшаауп

"Аекспертцәа ишьақәдыргылараны иҟоуп аԥсыбаҩ зтәу ишықәс, ихаҵара иԥҳәысра, имилаҭ. Амчыбжь нҵәаанӡа ҳаԥшуп, нас Аԥсныҟа ҳцаны ДНК аматериалқәа Москваҟа агәаҭараз иаагоит", — лҳәеит лара.

Лара иазгәалҭеит лхаҭа дшазыхиоу агентикатә експертиза амҩаԥгара. Аԥсны ДНК аекспертиза мҩаԥыргаӡом.

"Анатомиатә експертиза аҭакқәа шааҳаулак Аԥсныҟа ҳцоит. Ишырҳәаз ала амчыбжь анҵәамҭаз анализқәа рымҩаԥгара хыркәшахоит", — лҳәеит Маргарита Лихачева.

Аԥсыбаҩ машәыршәа амҩасҩы дахҭыгәлеит. Уи аҭыԥ ахь шамахамзар уаҩ дықәнагалом. Амҩа иацәхыкуп. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла аԥсыбаҩ мызқәак раԥхьа ашьхараҿ хабарда ибжьаӡыз Андреи Лихачев итәызар алшоит. Москватәи аобласт аҟны инхоз Урыстәыла атәылауаҩ Андреи Лихачиов иԥшаара акраамҭа иаҿын Аԥсны АҶА аусзуҩцәа.

Микроскоп в медицинской лаборатории - Sputnik Аҧсны
Аекспертцәа аԥсыбаҩ зтәу ихаҭара ашьақәыргылара рнапы алакуп

Аминистр иажәақәа рыла атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, Аӡеиқәа, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц, нас уахьынтәи Гаграҟа дхынҳәырц.

"Аҵыхәтәантәи аицәажәара рыман иани иареи ԥхынгәы 12 рзы. Усҟан иара иҳәеит зегь бзиоуп ҳәа. Ԥхынгәы 22 рзы Шәачантәи иҩныҟа дԥырраны дыҟан", — иҳәеит аминистр.

Иара иазгәеиҭеит аинформациа шроузҵәҟьа аԥшаарақәа ишрылагаз, аха иахьа уажәраанӡагьы ишьақәыргылоу дырра шрымам Лихачев иганахь ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0