Апты иацәынхаз: Аҟәатәи аџьармыкьаҿы араса шырҭиуа

© Sputnik Бадрак Авидзба Продажа ореха на рынке
Продажа ореха на рынке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь аџьырмыкьаҿы арасаҭира шымҩаԥысуеи иара амаҷреи ирызкуп Sputnik Аԥсны аматериал.

АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи аџьармыкьаҿ ахәаахәҭыҩцәа ҳкорреспондент изеиҭарҳәеит сынтәи Аԥсны иахыҵәаз амармалташь пты иахҟьаны араса ахәԥса акыр ишкаҳаз.

"Ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар сынтәа араса ахә акыр илаҟәууп. Очамчыра араион иахьаҵанакуа араса акыр аԥхасҭа аиуит, ҳәарада ахаҭабзиара аӡбахә уалацәажәартәгьы иҟам" — лҳәеит аҭиҩы Аида Агрԥҳа.

Абессалом Кварчия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәарҷиа: Аԥсны еиԥш ирацәоуп аҳәынҭқаррақәа араса ахә ахькаҳаз

Иара убри аан лара дахьынхо Ҭхьына ақыҭаҿ аҭагылазаашьа бааԥсуп уҳәартәҵәҟьа иҟам.

"Ҳара ашьха ашаьапҿы ҳанхоит. Уахь апты мнеицт" — лҳәоит лара.

Аида Агрԥҳа ақыҭантәи араса ааганы илҭиуеит. Иара ааидкыланы ахәԥса 60 мааҭ еиҳам. Уи ҵыԥхтәи ахәԥса аасҭа акыр илаҟәууп.

Лаар ишылҳәо ала араса еиҳарак иаазхәо Аԥсны асасцәа – аԥсшьаҩцәа роуп.

Аидараа рынхамҩаҿы 600 шьаҭа араса гылоуп. Араса ахәԥса алаҟәра аҭаацәаратә биуџьет анырра анаҭеит.

"Ҩыџьа астудентцәа сымоуп, ҩыџьа ашкол иҭоуп. Араса акыр исыҵгәап ҳәа сгәыӷуан, аха ахә маҷхеит. Ҳара ақыҭа ҳадҳәалоуп. Уахьынтәи ацхыраара аныҳмоу акыр ҳҭагылазаашьа уадаҩхоит" — лҳәоит лара.

Зыхьӡ зҳәар зҭахымхаз аҽа ҭиҩык илҳәеит ҵыԥхгьы амармалташь пты шыҟазгьы, сынтәеиԥш аԥхасҭа ҟанамҵеит ҳәа.

Тамаз Цвижба и Амиран Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ақыҭанхамҩа аусзуҩцәа: Гал Ҭҟәарчал ахәаҷақәа акыр аԥхасҭа ҳарҭеит

"Сара араса аҭира снапы алакын, аха сынтәа уи гәаӷьыуацәоуп, избанзар уахьахәаԥшуа ицәгьамшәа иҟоу араса аҩныҵҟа иҭацәуп мамзаргьы ибаауп" — лҳәеит лара.

Уаанӡа Sputnik аинтервиу азҭаз Гал араион Ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭамаз Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит Гал араион аҟны мацара апты 70% араса аҽаҩра ԥхасҭанатәит ҳәа.

Аекологцәа ражәақәа рыла ԥшьбаҟа шықәса раԥхьа арахь иқәнагалаз амармалташь птқәа макьаназы ирҿагыло ҳәа хәшәык рызхәыцым.

Ажәабжьқәа зегьы
0