Џьапуаԥҳа "Иҿыцу аԥсуа школ" апроект иазкны: аус адырулоит иреиӷьу ҳаспециалистцәа

© SputnikТали Джопуа
Тали Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа аиқәырхара хықәкыс иҟаҵаны аус адулоуп "Иҿыцу ашкол" ҳәа хьӡыс измоу апроект. Аҳәынҭқарратә бызшәазы Аԥсны ахада иҿы иаԥҵоу аҳәынҭқарратә комиссиа анапхгаҩы Ҭали Џьапуаԥҳа Sputnik арадиостудиаҟны инарҭбааны далацәажәеит апроект шеиқәыршәоу атәы.

Sputnik, Альбина Жьиԥҳа

"Иҿыцу  аԥсуа ашкол" аԥҵара аидеиа ҿыцӡам – лҳәоит Ҭали Џьапуаԥҳа — аԥсуа школ иамоу апроблемақәа зегьы аҵарауаа ирбоижьҭеи акрааҵуеит.

"Аԥшьбатәи акласс аҟынӡа аԥсышәала аҵара ҵаны, нас аурысшәахь ииасны ашкол иалгоит ахәыҷқәа. Уи азҵаара цәырымҵыр ауан, абызшәа апроблема абас иҵарны иқәымгылазҭгьы", — лҳәоит лара.

Тали Џьапуаԥҳа лажәақәа рыла иацгьы иахьагьы аҭагылазаашьа алҵшьас иамоу иазхәыцуеит аҵарауаа зегьы.

"2014 шықәсазы Жәлар реизара иаднакылеит ақәҵара, убасҟан аԥсуа институт аҿы ауаажәларратә еиҿкаара "Ахеиқәырхара" ҳәа иҟан. Иура Аргәы анапхгараҿ иҟаз дреиуан, ҳҵарауаа зегьы абызшәазы згәы зыхьуаз уа иалахәын. Дара иҟарҵаз ажәалагалала апарламент аҿы ирыдыркылеит ақәҵара, Аҟәа еиҿкаазарц аԥсуа ԥышәаратә школ, аексперементалтә ҳәа изышьҭоу. Анаҩс апроект анышьақәгыла "Аԥсуа школ ҿыц" ахьӡаҳҵеит", — еиҭалҳәоит Џьапуаԥҳа апроект аԥҵара шыҟалаз лгәалалыршәо.

Аԥсуа школқәа рҿы инарго ахәыҷкәа рхатәы бызшәа, аԥсуа бызшәа, ахьынӡардыруа азҵаара зегьы рапҳьаӡа игылоуп. Ҭали Џьапуаԥха иазгәалҭоит уи хықәхыла аҭҵаара ишаҿу Виачеслав Чыргба дызхагылоу агәыԥ.

Уроки абхазского языка - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи арҵаҩцәа Ҭырқәтәыла ҳџьынџьуаа аԥсшәа рырҵара иалагеит

"Абыржәазы иҟоу аинформациала 70% аԥсуаа рхәыҷқәа ақалақь аҿы аԥсшәа рзымдыруа ашколқәа рҿы инеиуеит, ари иаанаго уаҵәы абарҭ ахәыҷқәа, абас ишыҟоу, абызшәа рзымдыруа, ианрызҳа, аԥсуа милаҭ азҵаара ықәгылоит", — инаҵалшьит лара.

Аҳәынҭқарратә бызшәазы Аԥсны ахада иҿы иаԥҵоу аҳәынқарратә комиссиа анапхгаҩы илҳәоит иахьатәи аамҭа иашьашәалоу, ахәыҷкәа аинтерес рцәымӡуа, рбызшәала адыррақәа роуртә еиԥш, амаҭәарқәа рызнагашьа аиҿкаара шаҭаху.

"Апроект анхацҳаркуаз иахьатәи аԥсуа школ ҳакьымскәа, иҿыцу апрограмма, аха астандарт иақәшәо шаԥҵатәу еилаҳкаауан. Аԥышәаратә школ ҟаҵаны иалҳарго ахәыҷы џьаргьы дзымнеиуа дҟамлароуп. Иахәҭоу адыррақәа зегьы иоуроуп, аха абри аԥышәаратә школаҿ даҽа программак, знеишьак, методикак ҟалароуп, арҵага шәҟәқәа рҿыцтәуп", — лҳәоит Ҭали Џьапуаԥҳа.

Лара иазгәалҭоит иааинырсланы аҵаратә системаҿы зегьы рыԥсахра шыуадаҩу. Аметодика ҿыц аус адырулоит аҵара аминистрреи апедагогикатә институти рҟынтә аспециалистцәа.

Запуск лингафонного кабинета в 10 школе - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҟны аԥсуа бызшәа арҵаразы акабинет аартуп

"Аҵаратә система ҟалар шԥахәҭоу, иахьатәи ашкол акәымкәа, уаҵәтәи аԥсуа школ зеиԥшрахарц ахәҭоузеи, абарҭ амҩақәа рыԥшаара ауп изҿу дара", — лҳәеит Џьаԥауԥҳа.

Аҵарауаҩ иазгәалҭеит  "Иҿыцу  аԥсуа школ" ҿыц аҳҭнықалақь аҿы мацара шакәу иахьаартхо.

"Макьаназы акоуп, избанзар, ари ахарџь ду зтаху проектуп, ауаа рацәа адгалатәуп, ҿыц иузаԥҵоу еиҭаԥҵатәуп, иахьамуа еиҭагатәуп, ажәакала, аусура ду еиҿкаатәуп. Аԥышәара иахысыз арҵага иманшәаланы, ақәҿиара аманы ианыҟала, егьырҭ аԥсуа школқәа рахь аиагара мариахоит.  Ихадароу арҵагақәа раԥҵареи, урҭ адаптациа рзуреи, аԥышәара ахыжьреи роуп", — лҳәеит Џьапуаԥҳа.

Аҳәынҭқарратә бызшәазы Аԥсны ахада иҿы иаԥҵоу аҳәынқарратә комиссиа анапхгаҩы илҳәеит, апроект аус адуылара шцо 2017 шықәса  алагамҭа аахыс, аха макьаназ уи мааҭк аԥара шазоушьҭым.

"Арҵагақәа ирҿу, аусура иалагаз, ауаа мааҭкгьы ҳзырзымшәац. Аиҳабыра адгылара шҳарҭо ҳақәдыргәыӷит, убри аҟынтә ҳаԥшуп. Иааиуа ашықәсазы абиуџьет иалаҳҵоит анаҩстәи апроектқәагьы. Аԥышәаразы  агуманитартә маҭәарқәа ракәымкәа, егьырҭ амаҭәарқәа зегьы еиҭаҳгар ҳҭахуп, уи иаанагаӡом ашколқәа зегьы рҿы арҭ амаҭәарқәа зегьы ирхысуа иҟалоит ҳәа, аха абызшәа ҿиароуп ҳамҳәеи?… Ус анакәха, аекономика иазку азҵаарақәа рылацәажәаразы, аматематикатә аекономикатә терминқәа ыҟазароуп. Урҭ ухы иҭхәыцааны иузыҟаҵаӡом, уи амаҭәар еиҭагазароуп, ауаҩы ацәажәараҿы ихы иаирхәо иҟалароуп. Убарҭ зегьы аԥышәара иахҳажьыр ҳҭахуп", — иазгәалҭеит Ҭали Џьапуаԥҳа.

Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: абызшәа аҳәынҭқарра уасхырс иазышьҭоуп

Лара лажәақәа рыла иахьазы еиҭаганы акьыԥхь аредакциа азуны ишьҭоуп  8, 9,10, 11 классқәа рзы ахимиа рҵагатә шәҟәқәа. Афизика акәзар, еиҭаганы иалгахьеит.

"Абарҭ зегьы хықәкыс ирымоу аԥсуа бызшәа цәажәартә еиԥш аҟаҵара ауп", — инаҵылшьит Џьапуаԥҳа.

Аҳәынҭқарратә бызшәазы Аԥсны ахада иҿы иаԥҵоу аҳәынқарратә комиссиа анапхгаҩы илҳәеит ахәыҷбаҳчақәа рзы иҷыдоу программак ыҟамкәа, ашкол ала ахәыҷқәа абызшәа дырҵара ушзаламго.

"Ахәыҷбаҳчеи ашколи еимаданы, ахәыҷқәа ԥсышәала аҵара рҵо ианаҳзыҟамҵа, сара агәра згоит, акурсқәа аартны ачынуаа рзы уҳәа ҳазҿу аусқәа алҵшәа шырмоуа. Ахәыҷы ахәыҷбаҳчаҿы далганы, ашкол аҿы иҵаны, ауниверситет аҿы иара изаанаҭ иадҳәалоу атерминологиа зегьы ҵаны, абызшәа идыруа  днеироуп иусурҭахь", — иазгәалҭоит Џьапауԥҳа.

Аҵарауаҩ лцәажәара  хыркәшауа илҳәеит, абызшәа иадҳәалоу азҵаара аӡәы, иара жәаҩыкгьы, ишырзымыӡбо. Жәлары зегьы адгылароуп, амилаҭтә хдырра ҿыхароуп, хәыҷгьы- дугьы  еилыркаауазароуп  амилаҭ бызшәада аҳәынҭқарра  шзышьақәымгыло. Убри азы аус умуыкәа, ари азҵаара ӡбашьа аиуӡом, азгәалҭеит Аҳәынҭқарратә бызшәазы Аԥсны ахада иҿы иаԥҵоу аҳәынҭқарратә комиссиа анапхгаҩы Тали Џьапуаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0