Аихамҩатә кредит ашәара аҿҳәара иацҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЖелезная дорога.
Железная дорога. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳәынҭқарратә екпорттә кредит Аԥсны азоужьразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2010 шықәса рзы.

АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik. Урыстәыла Афедерациатә хеилак ибзиоуп ҳәа ахнаҳәааит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳәынҭқарратә екпорттә кредит Аԥсны азоужьразы аиқәшаҳаҭра аԥкаанҵа аратификациа ахаша, абҵара 22 рзы. 

"2017 шықәса хәажәкыра 20 рзы анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра иазырхоу аԥкаанҵа иазыԥхьагәанаҭоит ауал ареструктуризациа, ауал ашәара аҿҳәара аҽа фышықәса иацҵоуп, 2023 шықәса инаркны 2029 шықәсахьы ииагоуп. Убри аан есышықәсатәи ашәара ахышәа-ҵышәа 368 миллион мааҭ рҟынтәи 143 миллион мааҭ рҟынӡа илаҟәуеит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Иара убри аан ареструктуризациа иазыԥхьагәанаҭом ауал зынӡаск ақәхра.

Аихамҩа - Sputnik Аҧсны
Аихамҩатә кредит ашәара аҿҳәара 2029 шықәсанӡа инахоуп

Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳәынҭқарратә екперттә кредит Аԥсны азоужьразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2010 шықәса рзы.

2012 шықәса рзы имҩаԥгаз аԥсахрақәа инарыдҳәаланы Аԥсны иазоужьын аҳәынҭқарратә експорттә кредит ҳәа 2 миллиард мааҭ, Аԥснытәи аихамҩақәа реиҭашьақәыргыларазы. Акредит ахархәара хыркәшахеит 2013 шықәса рзы.

2017 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны акредит ала уалны иашәахьан 556,8 миллион мааҭ аԥара.

Иаанханы иҟан 1,7 миллиард мааҭ. 2017 шықәса, ажьырныҳәамзазы Аԥсны изаамҭанытәиу ашәара мҩаԥнамгеит, уи иахҟьаны аҿҳәарацҵатә уалқәха иартәеит 131,5 миллион мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0