Гагра араион иатәыз, аконцлагерқәа рыҭҟәаҩцәа 15-ҩык рыӡбахә еилкаахеит

© Sputnik / Саида Жиба Возвращение имени в Гагре
Возвращение имени в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ахьӡ архынҳәра" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, 15-ҩык Гагра араион иатәыз, аҭҟәаҩцәа рыӡбахә еилкаахеит.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 22 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. "Ахьӡ архынҳәра" апроект ахәаақәа ирҭагӡаны, 15-ҩык, Гагра араион иалҵыз, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡаз рҭаацәа, рнапаҟны ирыҭан, рыуацәа ахьҭакыз аконцлагерқәеи, анышә иахьамадоу аҭыԥқәеи ртәы зҳәо ақьаадқәа.

Григори Скворцов. - Sputnik Аҧсны
Скворцов: хабарда ибжьаӡыз ҭахеит ҳәа иԥхьаӡалатәуп

Аԥсны иалҵыз, хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иазку амемориалтә проект "Ахьӡ архынҳәра" автор Григори Скворцов иажәақәа рыла, шықәсык аахижьҭеи Аԥсны атәылахьчара аминистрреи араионтә комиссариатқәеи рыцхыраарала, Аҟәатәи иреиҳау азеиԥшархәҭатә ҵараиурҭа астудентцәа алархәны иахьатәи аамҭазы рыӡбахә еилкаауп сиала иарбоу 320-ҩык рахьтә 70-ҩык Аԥсны иалҵыз аҭҟәаҩцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 15-ҩык Гагра араион аҟны ашәҟәы иҭаҩҩыз.

Ԥхынҷқәын 21 азы, Гагратәи акультура аҩнаҟны, дара рҭаацәа рнапаҟны ирыҭан, аҭҟәаҩцәа ахьыргәаҟыз аконцлагерьқәеи, анышә иахьамадоу аҭыԥқәеи ртәы ахьаарԥшу ашәҟәқәа.

Зыхьӡ ырхынҳәыз рхыԥҳьаӡараҟны иҟан, шьҭрала Мгәыӡырхәа иатәыз, хҩык аишьцәа аижәлантәқәа Еныкьаа.

Самсон Ҳашым-иԥа Еныкь, 64 шықәса раахыс иуацәеи иҭынхацәеи иӡабхә рмаҳцызт.

"Самсон саб иашьа иакәын. 1941 шықәсазы, иара 18 шықәса шихыҵуазгьы Лыхнытәи ашкол аҟны рҵаҩыс аус иуан, ахәыҷқәа аԥсшәа дирҵон. Азеиԥш ԥсадгьыл арыцҳара иҭагылеит анырҳәа, аибашьра дцеит. 1943 шықәсанӡа асалам шәҟәқәа ааишьҭуан. Иҩуан иҩызцәеи иареи руалԥшьақәа шынарыгӡо. Аиааира ҳара иаҳгоит, акы шәацәымшәан ҳәа ианҵаны. Анаҩс ихабар уаҳа еилкаамхеит. Саб Сардион иԥсы ахьынӡаҭаз, иахьахәҭаз зехьынџьара ашәҟәа ишьҭхьан иӡбахә аилкааразы. Ишырҳәо еиԥш, зегьы ҽҳәарак амазаап. Саб иԥсҭазаара далҵит иашьа игәы дшыҵхоз. Сара сакәзар, иахьа снапаҟны исоуит, иӡбахә ахьану ашәҟәы. Аиашазы, иԥсы аҩныҟа иаҳзааргашәа исыԥхьаӡеит", — иҳәеит Самсон иашьа иԥа Асҭамыр Еныкь.

Самсон Еныкь иԥсҭазаара далҵит 1943 шықәсазы, Ԥсков аконцлагерь аҟны, аҭҟәаҩы амлашьра иахырҟьаны ирҳаз ачымазара баԥсы дагеит.

Еныкьаа рҭаацәара хара имгакәа иргәиҭоуп, аибашьҩы дахьжу аҭыԥ аҭаара.

Аҟәатәи иреиҳау азеиԥшархәҭатә ҵараиурҭа астудентцәа ҭакԥхықәрала иазнеит рнапы ианыз аус.

"Ҳаргьы ар маҭәа зшәу ҳауп. Убри аҟнытә ибзианы еилаҳкаауеит асолдаҭ иԥсҭазаара. Хабарада ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡаз рхаҭара шьақәҳаргылон, Урыстәылатәи атәылахьчара аминистрра аофициалтә саит иҭагало асиақәа еихшьаало, анемец бызшәа аҟнытә аурысшәахь еиҭаго. Аибашьцәа уаанӡатәи рҭыӡҭыԥқәа ҳарҭааны иҳаԥшаауан рыуацәеи рҭынхацәеи. Иҟан зынӡа иқәҵны ицахьазгьы. Зны ҳаднагалеит, ашә аӷәы аархны иахьыҟаз ҩныжәк. Азин анҳау, ҳаҩналан, адашьмаҟны еиԥхьытта ишьҭаз қьаадқәак ҳалаԥш иҵашәеит. Ианеихаҳшьаала ҳзышьҭаз асолдаҭ иакәын изтәыз. Аҳәаанырцә иқәҵны ицахьаз иуацәа рыԥшаарагьы ҳалшан, иӡбахә раҳҳәеит", — ҳәа азгәеиҭеит азеиԥшархәҭатә ҵараиурҭа, акурсант Иури Кузнецов.

Акурсантцәа ражәақәа рыла, зыӡбахә еилыркаауа аибашьҩы, иҭаацәа ажәабжь рызнагара даара игәыҭшьаагоу усуп, алаӷырӡ ацуп.

"Ахьӡ архынҳәра" апроект автор Григори Скворцов иҳаилиркааит, ԥхьаҟа, аконцлагерқәа рҟнытә иоурыжьыз, аха аԥсадгьыл шәаӷоуп ҳәа гәыбӷан зыҭаны аус иақәдыршәаз рыӡбахәгьы аилкаара ишашьҭало.

Ажәабжьқәа зегьы
0