Зыжәлар рхьаа зырҿиареи зыԥсҭазаареи ирныԥшуа: Белла Барцыцԥҳа лиубилеи иазкны

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаБелла Барцыцԥҳа
Белла Барцыцԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа илиубилеиуп аԥсуа поетесса, арҵаҩы, ажурналист, 37-тәи ашықәсқәа раан харада ахара зыдҵаны иҭадырхаз, идыргәаҟуаз ҳауаажәлар ирызкны ашәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" зҩыз, ҳажәлар ргәеисра еснагь изгәеисроу Белла Барцыцԥҳа. Уи илызку анҵамҭа ҳадылгалоит Саида Жьиԥҳа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Раԥхьатәи схыҭҳәаа аҩраҿгьы амҩа сықәызҵаз, сгәыла апоетесса Белла Барцыцԥҳа лакәын. Лара лыбзоурала, уи нахыс ахыҭҳәааи аиҭаҳәеи рыҩраҟны ахәшьара ҳаракқәа соуа салагеит. Дыҟамзар ҟалап ҳаиланхараҭаҟны аӡәы, ашкол аҟны аҵара иҵонаҵы Белла Барцыцԥҳа ацхыраара злымҭац.

Аферым бара! Даара аҵакы бзиоуп, жәаҳәарада, "хәба" — иҳәеит арҵаҩы, "аԥсуа бызшәа" иазкны аҵаҩы илҩыз ахыҭҳәаа ахәшьара аҭо. Усҟан, аӡӷаб хәыҷы илӡеит, ари иҵаулоу атемала ахыҭҳәаа аҩраҿы ацхыраара шлырҭаз, лыхәшьара еиҵыртәар ҳәа дацәшәаны. Иахьа аҵаҩы лымаӡа аасыртуеит, уи сара сакәын, раԥхьатәи сыхыҭҳәаа аҩраҿгьы амҩа сықәызҵаз, сгәыла, апоетесса, Белла Барцыцԥҳа лакәын. Лара лыбзоурала, уи нахыс ахыҭҳәааи аиҭаҳәеи рыҩраҟны ахәшьара ҳаракқәа соуа салагеит. Дыҟамзар ҟалап ҳаиланхараҭаҟны аӡәы, ашкол аҟны аҵара иҵонаҵы Белла Барцыцԥҳа ацхыраара злымҭац.

Раԥхьатәи ашьаҿақәа

Аҳабча лыгоуп жәеихашьшьыла,

Ал, ахәымра, нас ажәма.

Цәара рыххеиԥш ҟәынеишәыла

Ҟауа қәыриуп ажәмажьа – абас, Баграт Шьынқәба иажәеинраала "Абаҳча" асаӡ бызшәахьы ииаганы, арҿиарахьы раԥхьатәи лшьаҿақәа еихылгеит, Бзыԥҭатәи аԥсуа школ, абыжьбатәи акласс аҵаҩы, зҭаацәара ибзиаӡаны асаӡ бызшәа амаӡақәа здыруаз Белла Урысҟан-иԥҳа Барцыцԥҳа.

"Сабду иашьцәа руаӡәы иԥшәма ԥҳәыс дсаӡ ҭыԥхан, д-Баӷԥҳан. Лара лҟынтә, аԥсуаа ирҿыганы, амаӡа бызшәа злыхыз асаӡ бызшәала ҳцәажәо ҳалагеит. Дара ажәақәа аарҳәны акәын рхы ишадырхәоз, иаҳхәап амра-арма, ахра-арха уҳәа. Саҳәшьаду Анҭица лакәзар, ирацәаӡаны илдыруан асаӡ ҿаԥыцтә ҳәамҭақәа. Аҭоурыхҭҵааҩ, ҷыдала асаӡ бызшәа иазҿлымҳаз Шьалуа Инал-иԥа изныкымкәа аҩныҟа даҳзаахьан, аматериал аизгаразы. Убасҟан, амаӡа бызшәахьы ииазгаз Баграт Шьынқәба иажәеинраалагьы сизаԥхьеит", — илгәалалыршәоит апоетесса.

© Фото : Из личного архива Беллы БарцыцБелла Барцыц
Зыжәлар рхьаа зырҿиареи зыԥсҭазаареи ирныԥшуа: Белла Барцыцԥҳа лиубилеи иазкны - Sputnik Аҧсны
Белла Барцыц

Шьалуа Иналиԥа Барцыцаа рҭаацәара дырҭаауанаҵы, еизигеит хәы-змаӡам асаӡ ҳәамҭақәа жәпакы. Аӡӷаб хәыҷгьы лнапы ианиҵеит, илықәманшәалахо, аӡыхь еиԥш илдыруа асаӡ бызшәа ԥхьаҟагьы дазҿлымҳазарц.

"Аҳәара бысҭоит, мышкы зны сара саныҟамло, бара ари аус иацыԥҵарц. Ибеиоу аматериал бнапаҟны иҟоуп, есыҽны баҳәшьаду блыҿцәажәала, асаӡ ҿаԥыцтә ҳәамҭақәа реизгара балага", — ҳәа сабжьеигеит лҳәоит Белла Барцыцԥҳа.

© Фото : Из личного архива Беллы БарцыцБелла Барцыц
Зыжәлар рхьаа зырҿиареи зыԥсҭазаареи ирныԥшуа: Белла Барцыцԥҳа лиубилеи иазкны - Sputnik Аҧсны
Белла Барцыц

Апоетесса лкалам иҵҵыз раԥхьатәи жәеинраалоуп "Арасаӡыхь". Уи азылкит дахьиз дахьааӡаз аиланхарҭа. Арҭ ацәаҳәақәа кьыԥхьын, ажурнал "Алашареи", агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшьи" рҟны. Белла Барцыцԥҳа ашкол далгаанӡа иаԥылҵахьан 50 инарзынаԥшуа жәеинраала. Аҭыԥҳа апоезиа иацылҵон, Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҟны аҵара анылҵозгьы. 1981 шықәзасы, иҭыҵит апоетесса лажәеинраалақәа шәкы еидызкылаз раԥхьатәи ашәҟәы "Аӡыхь хәыҷы".

Белла Барцыцԥҳа хыԥхьаӡара рацәала иҭлыжьхьоу, аԥсадгьыл абзиабареи, аԥсуареи, ахатәы бызшәеи, аԥсабара асахьеи, алирикатә жәеинраалақәа реизгақәеи рнаҩс, дравторуп хаз шәҟәқәаны иҭыҵхьоу, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Гагра араион ашьаарҵәыра ианалагылаз аамҭа зныԥшуа "Ԥсоутәи аҵхи", Гагратәи аԥсуа школ аушьҭымҭацәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иаадырԥшыз афырхаҵареи, иҭахаз реибашьратә мҩеи зҳәо "Амцажәла абжьи", 37-тәи ашықәсқәа раан, Абааҭатәи абахҭаҟны идырбаандаҩуази, иҭаршьуази, Сибраҟа иахыргози ирызку "Абааҭатәи аццышәқәеи", акомпозиторцәа Ражден Гәымбеи, Баграт Багаҭелиеи рырҿиаратә мҩа иазку ашәҟәқәеи уҳәа, апублицистикатә рҿиамҭақәеи асахьаркыратә ҩымҭақәеи жәпакы.

Белла Барциц - Sputnik Аҧсны
Арадио
Барцыцԥҳа ашәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" иазкны: ихыҭҳәаау ажәакгьы аным

Барцыцԥҳа лнапы иҵыҵит ажәеинраалақәа реизга "Ашәақәа рашәа" 2-томкны, иара убас "Асаӡ ҿаԥыцтә ҳәамҭақәа" захьӡу ашәҟәы, ажәеинраалақәа реизга "Ҿамҩак сашәеи", Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Бзыԥаа рцеицәа ирызку ашәҟәы "Бзыԥтәи ажәҩани", "Икыдымшәаз аеҵәа", "Араҵла анышәҭуа".

Апоетесса лажәақәа рыла, арҿиамҭақәа зегьы ҭоурыхк-ҭоурыхк рымоуп. Урҭ баша ииӡом.

Гагра аибашьра цонаҵы, лкалам иҵҵит анаҩс "Ԥсоутәи аҵх" ашәҟәы ианылаз, игимнхаз ажәеинраала "Ԥсоу уҷкәынцәа". Уи музыкала еиқәиршәеит Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Баграт Багаҭелиа.

"Ажәеинраала "Ԥсоу уҷкәынцәа" анысыҩ, Баграт Багаҭелиа сизаԥхьарц сҭаххеит. Гагра уалало иҟамызт, аӷацәа ирымҽхакын, аҟнытә аҭел сизасит. Аҵх агәазы атрубка шьҭысхыз Баграт Аҳмаҭ-иԥа ибжьы аасгәамԥхеит, аха иаразнак еилыскааит уск дшақәшәаз. Адырҩаҽны адырра соуит, ақырҭцәа иуаҭах ддәылганы дшыргаз, амилициа ахыбраҟны, абахҭа дышҭаркыз", — илгәалалыршәоит апоетесса.

© Фото : Из личного архива Беллы БарцыцБелла Барцыц
Зыжәлар рхьаа зырҿиареи зыԥсҭазаареи ирныԥшуа: Белла Барцыцԥҳа лиубилеи иазкны - Sputnik Аҧсны
Белла Барцыц

Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Гагра араион рнапаҟны ианаарга, раԥхьа иргыланы ирзышәарацо иалагеит, ақалақь иалахаз Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" активистцәа. Баграт Багаҭелиагьы убарҭ дыруаӡәкын аҟнытә, аҭакра икәырҵеит.

"Шура Морозовскаиа ҳәа сгәылара урыс ԥҳәыск дынхон. Лыԥшәма аамҭала, амилициа аусуҩ иакәын, ларгьы уаҟа ибзианы дырдыруан. Даасыԥхьан аҳәара лысҭеит, афатә еидкыланы ишлысҭо, Баграт Аҳмаҭ-иԥа дахьҭаку иқәлыршәарц. Анашеи, ашәи ҩ-чахыки, руакы аҩнуҵҟа, ажәеинраала зныз ақьаад нагәылаҵаны, анашьҭымҭа сырмазеит. Аха, нас сыԥшәма исабжьеигеит, чак ауп илыбҭаша, иалшоит акы ицҭаку ииҭар, мамзаргьы амилициа аусзуҩцәа иахырхыр. Бажәеинраала ма ибжьаӡоит, мамзар гәыбӷан шәнаҭоит иҳәеит", — ахҭыс дазааҭгылоит Белла Барцыцԥҳа.

Абааҭа - Sputnik Аҧсны
Гагра НКВД иатәыз ахыбреи аҵакырадгьыли арыцқьара иаҿуп

Шура Морозовскаиа иналгаз афатә Баграт Аҳмаҭ-иԥа инапаҟны инеит. Ҩымш акразымфацыз, Белла схәы аалҭиит иҳәан, иаразнак ача ааԥиҽит. Ақьаад аниба, ақырҭцәа джьаны хәшәык дадыргарц ргәиҭаз џьишьеит, аха ианааирҳәы, ибеит ажәеинраала шакәыз. Убас, Гагратәи амилициа, абахҭа аҭыӡқәа рҟны иит, "Ԥсоу уҷкәынцәа" захьӡыз агимн амузыка.

"Баграт Аҳмаҭ-иԥа исзеиҭеиҳәеит, ашәа анагӡара даналага, егьи акамераҟны иҭакыз Ҳараз Чамагәуа, ажәақәа шизымдыруазгьы ицирӷызуа дшалагаз. Аҩыџьагьы убысҟан, бжьыла аӡәи-аӡәи иазусҭцәаз рдырит, аха аӷацәа ирцәырҵәахит, еиқәымцәажәаӡеит", — лҳәеит апоетесса.

© Фото : Из личного архива Беллы БарцыцБелла Барцыц
Зыжәлар рхьаа зырҿиареи зыԥсҭазаареи ирныԥшуа: Белла Барцыцԥҳа лиубилеи иазкны - Sputnik Аҧсны
Белла Барцыц

Белла Барцыцԥҳа лхатә хьаа, рныԥшуеит, ишыхәыҷқәаз зыԥсҭазаара иалҵыз лыԥҳацәа ирызку ажәеинраалақәа. Урҭ ацәаҳәақәа, анаҩс зыхшара зцәыӡыз анацәа зегьы ирмыткәымхеит.

Белла Барцыцԥҳагьы Жәлар Рфорум "Аидгылара" алахәцәа дреиуан аҟнытә, ақырҭцәа аӷа ҳәа дрыԥхьаӡон.

"Ҳаргьы аԥсуаа гәыԥҩык реиԥш Гагра ҳалаханы ҳаҟан. Быԥҳа дбыманы шәалҵроуп, акәымзар шәыршьуеит ҳәа ҳазҳәоз рацәаҩхеит. Исабжьаргеит, ақалақь ахәбатәи аиланхарҭа аҵыхәан, Пицунда ахырхарҭала ишьҭаз аӡымҩангагатә цәаҳәақәа урықәсны уцар ҟалоит ҳәа. Зны исыӡбеит, хаҭала уи ацарҭа збарц. Касыла сыҽҭаҳәҳәаны, уаҩы сизымдырратәы, бнала мацара уи аҭыԥ аҟынӡа снаӡеит. Аӡымҩангагатә цәаҳәа санықәгыла, снахьҳәазан, аӡы сынҭаҳаит. Устәи цашьа шҳамамыз агәра ганы, шьҭахьҟа аҩныҟа сҿынасхеит. Ҳханы инхоз, уи аамҭазы абгыӡыр аҟәшәара иаҿыз аерман игәашә аԥхьа санааи, аԥсшәа иасҳәарац санааҭгыла, сышьхәа аҵәымаӷ алалеит. Убысҟан ауп ианеилыскаа сшьапы хтны сшаауаз", — илгәалалыршәоит Белла Барцыцԥҳа.

Шьыдгәа Агрба исалам шәҟәы - Sputnik Аҧсны
"Сыԥсы ҭоуп, хар сымам": салам шәҟәык аҭоурых

Апоетесса аамҭакы ашьҭахь лыԥҳа Мактинеи лареи ирулак ирылшеит ақалақь алҵра.

Белла Барцыцԥҳа аибашьра ҟалаанӡагьы, ақырҭцәа ари лыжәлар рҿахәы лҳәоит, ҳәа еиуеиԥшым аизарақәеи, амитингқәеи рҟны лықәгылара иаԥырхагахон.

"Шықәсык зны, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира амш аназгәаҳҭоз аҽны, адныҳәаларазы хҩык асценахь ҳаарыԥхьеит. Урысшәала ажәахә иаԥхьоз лхатәы микрофон лыман. Сареи Вахтанг Горозиеи ҳәа қырҭуаки, акы ҳзеиԥшын. Адныҳәаларатә текст санаԥхьа ашьҭахь, ажәеинраалахь сеихоны еиԥш, амикрофон мчыла иара иахь днахо далагеит. Схы аныласырҟә избеит ишьаз аимаақәа аба ишалхыз, ишьапқәа шихьуазгьы агәра сзымгеит. Иаразнак сышьхәа ҳаракы ала ишьапажә саӷрагылеит. "Дедаа" ҳәа ахьаа иарҳәҳәаз, ақырҭцәа дара рахь ааԥхьара ҟаиҵоз џьшьа "Ураа" ҳәа рыбжьы дыргеит. Убри аамҭазы апарад иқәсуаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа рыла ишьақәгылаз Бзыԥҭатәи ансамбль "Кьараз" акәын. Рганахь сынхьаԥшын, амикрофон аанкыланы саԥхьеит ирзыскыз ажәеинраала. Сықәгылара ашьҭахь, Асовет Еидгыла Афырхаҵа Иасон Кокосқьериа ажәлар даарылҵан, иҭабуп, саабыкәыхшааит ҳәа сеиҳәеит", — ҳаиҿцәажәараан ахҭыс лгәалашәеит апоетесса.

Белла Барцыцԥҳа лаб ишьҭра 37-тәи ашықәс еиқәаҵәа ӷәӷәала изнырыз роуп.

Лаб, Урысҟан, 17 мшы аҭакра иқәырҵеит, иашьцәа Ҳаџьыми, Камыгәи, Шьатыгәи Абааҭатәи абахҭаҟны иргәаҟны Сибраҟа иахыргеит.

Людмила Сергьегия - Sputnik Аҧсны
Лиудмила Сергьегьиаԥҳа: "Аидгылара" ҳхақәиҭра иашьаҭахеит

"Саб Абааҭатәи абахҭаҟны данҭакыз, иашьцәа аниба изымдырӡеит, убри аҟара иҟәаҟәаны, ашьашәы рҿашы иҟан. Изныкымкәа иҳәонгьы саҳахьан, абаандаҩцәа ашьа рылхны, аҩы ауп ҳәа иржәырц ишрыдыргалоз. Саб иашьцәа руаӡәы, амуча узҿу закәыи ҳәа даниҿагыл, ишьацәхыԥ атиграф аларԥаны, амардуан ихы шкыдқшалоз, ашьа шицәцоз, ишьапы данкны длыбааигеит акамерахь", — ҳәа рҭаацәаратә хьаа далацәажәоит Белла Барцыцԥҳа.

Барцыцаа ррыцҳара уи аҿы иаанымгылеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны иҭахеит Сибраҟа иахыгаз аишьцәа рԥацәа.

37-тәи ашықәсқәа раан, харада ахара зыдҵаны, иргәаҟны иршьызи, зыԥсадгьыл иахырцази ирызку, ашәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" адаҟьақәа рҟны инарҵауланы иаарԥшуп, уи аамҭа еиқәаҵәа ҳажәлар ирзыннажьыз ахәра атәы.

Игәыҭшьаагоу рҿиамҭахеит "Амцажәла абжьы". Жәашықәса инеиԥынкыланы аԥсуа школ аҟны рҵаҩыс аус зухьаз Белла Барцыцԥҳа, аӡәа-ӡәала дрыхцәажәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан фырхаҵарала зыԥсадгьыл зыхьчоз аветеранцәеи, аӷа ихымца зыԥсаҭазаара ҿахнаҵәази аԥсуа школ аушьҭымҭацәа.

"Даара исцәыхьанҭан сҿаԥхьа изызҳаз, сҵаҩцәа ирызкны аматериалқәа реизгара. Иахьагьы сыбла ихгылоуп зхызҿы зхаччоз Ирина Сыҷынааԥҳаи, Руслан Арсҭааи, Асҭамыр Ладариеи, Роберт Леибеи, Акаки Аибеи", — ҳәа лылаӷырӡ лҿықәыҳәҳәо лҵаҩцәа рыӡбахә лҳәоит Белла Барцыцԥҳа.

© Фото : Из личного архива Беллы БарцыцБелла Барцыц
Зыжәлар рхьаа зырҿиареи зыԥсҭазаареи ирныԥшуа: Белла Барцыцԥҳа лиубилеи иазкны - Sputnik Аҧсны
Белла Барцыц

Апоетесса еиуеиԥшым атемақәа зныԥшуа лажәеинраалқәа 25 Баграт Багаҭелиеи, Рожден Гәымбеи, Тото Аџьапуеи, Омар Сангәылиеи ашәақәа рылырххьеит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, Белла Барцыцԥҳа илылшеит, ахаҵа игәы иазышьҭымхо ахҭыс алахәрагьы. 1993 шықәсазы, Аҟәа ареспубликатә хәышәтәырҭа азааигәара ижыз, ҳаибашьцәа рыбаҩ аныҵырхуаз, иахьа архив иазынхаз, аматериал аидкылара.

Апоетесса 30 шықәса аус лухьан, "Авангард", анаҩс "Гагра" ҳәа зыхьӡ ԥсаххази агазеҭ аҟны корреспонденст, уи инаваргыланы арадиоҿы дикторс. Белла Барцыцԥҳа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәеи Реидгылақәа дрылахәуп. Иланашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден IIIаҩаӡара.

Иааиуа Ашықәс ҿыц лыдныҳәало, апоетесса Белла Барцыцԥҳа илзеиӷьасшьоит агәабзиареи, ақәранҵыреи. Есыҽны ииуа лҩымҭақәа рзы иҭабуп ҳәа лазҳәо аԥхьаҩцәа еиҳахааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0