Иԥсҭазаара далҵит Владимир Аршба

© Фото : Алан ВоубаВладимир Аршба
Владимир Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратә, аполитикатә, арратә усзуҩ Владимир Аршба ажьырныҳәа 16, ашьыжьымҭан Аҟәа ақалақьтә хәышәтәырҭа №2 ахь днаган ҳәа Sputnik Аԥсны акорреспондент изеиҭалҳәеит акардиологиа аҟәша аиҳабы Лиудмила Оҭырԥҳа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратә, аполитикатә, арратә усзуҩ Владимир Аршба ажьырныҳәа 16, ашьыжьымҭан Аҟәа ақалақьтә хәышәтәырҭа №2 ахь днаган. Ахәышәтәырҭаҟны Владимир Аршба иԥсҭазаара далҵит. Абри атәы Sputnik Аԥсны акорреспондент изеиҭалҳәеит акардиологиа аҟәша аиҳабы Лиудмила Оҭырԥҳа.

"Владимир Аршба ахәышәтәырҭахь дааган иҭагылазаашьа уадаҩны, инфаркт аформа хьанҭа иманы", — лҳәеит аҳақьым.

Владимир Аршба диит лаҵарамза 8 1959 шықәса рзы Қарҭ ақалақь аҟны. 1980 шықәса рзы далгоит Қарҭтәи иреиҳаӡоу артиллериатә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа. Германиа игылаз асовет ар дрылахәын.

1991 шықәса рзы Владимир Аршба Тҟәарчал ақалақь арратә комиссарс дҟаҵан. 1992ш. рзы – Аҩныҵҟатәи ар рполк аҷыда ҟазшьа змоу абаталион акомандирс дыҟан. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәылан.

1992ш. рзы Аршба Аԥсны Арратә мчрақәа ркомандаҟаҵаҩыс дҟаҵоуп, 1992ш. жьҭаара 11 инаркны Аԥсны Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа неигӡон.

1992ш. рзы дхәын.

1993ш. – Аԥсны Атәылахьчара аминистр.

1993ш. рзы арратә зҵаарақәа рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иабжьагаҩс дҟаҵан, аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны Арратә комиссарс дҟаҵан.

2008 – 2009шш. рзы Владимир Аршба Аԥсны Ахада арратә зҵаарақәа рзы иабжьагаҩс дҟаҵан, 2009 – 2015шш. рзы Аԥсны Амиграциатә маҵзура дахагылан.

Ажәабжьқәа зегьы
0