Драндатәи абахҭа аҟнытә абналара зхароу рус рыӡбеит

CC0 / / Судебные принадлежности, молоток и книги, на столе
Судебные принадлежности, молоток и книги, на столе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Драндатәи абахҭа аҟны иҭакыз Гурам Инаԥшьба, Бачуки Латариа, Реваз Угрехелиӡе бналеит 2016 шықәса цәыббра 30 ауха.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Драндатәи абахҭа аусзуҩцәа Дмитри Аиба, Рачик Саакиан, Мераб Воуба ахара рыдуп ҳәа иԥхьаӡан. Ахара здыз Геннади Чхетиа аӡбарҭа ихара ихнахит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада.

Аслан Кобахия. - Sputnik Аҧсны
Кобахьиа: Драндатәи абахҭа аиҳабы даанкылоуп

Дмитри Аиба имаҵзуратә напынҵақәа рынагӡараан изинмчра дахысит ҳәа аӡбарҭа иаԥхьаӡеит: 50 000 мааҭ ахараԥса иқәырҵеит, ҩы-шықәса рыҩныҵҟа Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра асистемаҿ аусура азин имхуп.

Рачик Саакиани Мераб Воубеи 30 000-30 000 мааҭ ахараԥса ршәароуп, шықәсык аҩныҵҟа Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра асистемаҿ аусура азин рымхуп.

Геннади Чхетиа аӡбарҭа ихара ихнахит. Ашьаус ашәҟәқәа рыла ацәгьоуцәа абахҭа аусзуҩцәа рнапынҵақәа хырҩа ахьрырҭаз рхы иархәаны ибналеит.

Гурам Инаԥшьба 15 шықәса иқәын ауаҩшьрази ақәыларази, Бачуки Латариа дҭакын ауаҩы иӷьычрази абналарази, Реваз Угрехелиӡе 11 шықәса иқәын ауаҩшьра иҽахьазишәаз азы.

Ибналаз иахьатәи аамҭазы Қырҭтәыла рҽыҵәахны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0