Аԥсуа университет аҩнымаҭәа ҿыцла еиқәдыршәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукНовая мебель поступила в АГУ
Новая мебель поступила в АГУ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩбатәи асеместр алагара аҿҳәара инахеит ААУ акорпусқәа руак аудиториақәа ҩнымаҭәа ҿыцла иахьеиқәдыршәо иахҟьаны. Абри акорпус аҟны аҵара рҵоит афилологиатә, абиолого-географиатә, аекономикатә факультетқәа рыстудентцәа.

АҞӘА, жәабран 13– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҩбатәи асеместр алагара аҿҳәара жәабран 12 инахеит жәабран 22 рахь, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит ауниверситет аректор ихаҭыԥуаҩ Виктор Маланӡиа.

Иара иажәақәа рыла аҵаратә процесс алагара аҿҳәара аҽа жәамш инахеит. Ииасыз ашықәс, ԥхынҷкәын анҵәамҭазы ихыркәшахеит аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа ААУ афилологиатә, абиолого-географиатә, аекономикатә факультетқәа ахьыҟоу акорпус "В" аҟны.

"ААУ аҟны аҵаратә процесс алагара аҿҳәара аҽа жәамш инахеит. Ииасыз ашықәс, ԥхынҷкәын анҵәамҭазы ихыркәшахеит аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа ААУ афилологиатә, абиолого-географиатә, аекономикатә факультетқәа ахьыҟоу акорпус "В" аҟны. Уажәы уахь рнагара ҳаҿуп иахәҭаны иҟоу аҩнымаҭәақәа, иазҳархиоит алабораториатә кабинетқәа", — иҳәеит аректор ихаҭыԥуаҩ.

© Sputnik / Томас ТхайцукНовая мебель поступила в АГУ
Новая мебель поступила в АГУ - Sputnik Аҧсны
Новая мебель поступила в АГУ

Виктор Маланӡиа иазгәеиҭеит аусурақәа еиԥымҟьарада ишымҩаԥысуа, арҵаратә процесс аҿҳәара анахара ишаанамго арҵаратә план анагӡара ауадаҩра.

"Аҩбатәи асеместр арҵаратә план иазыԥхьагәанаҭоит 17 аудиториатә зыҟаҵаратә мчыбжьы. Амшеихша наҟ инахахоит. Ихьшәаны аҵара ҳалагоит, ихьшәангьы ҳалгоит", — иҳәеит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукНовая мебель поступила в АГУ
Новая мебель поступила в АГУ - Sputnik Аҧсны
Новая мебель поступила в АГУ

ААУ аргыларатә хәҭазы аректор ихаҭыԥуаҩ Анзор Кортуа иҳәоит аҩнымаҭәа аҭыԥантәи аалыҵ шакәу.

"Аҭыԥ аҟны ишәа-заны иԥҟаны арахь иааргоит, ара еибырҭоит. Мызки бжаки инарзынаԥшуа арҭ аусурақәа цоит. Аҳәара ҟаҳҵеит ҳусурақәа рылгара ҳадраӡарц, избанзар арҵаратә процессии ҳара ҳазҿуи реилагӡара уадаҩуп", — иҳәеит Кортуа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит актәи аихагылаҿ аҩнымаҭәа ҿыц шыҩнадыргылахьоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0