Витали Габниа Приднестровиатәи аделегациа идикылеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаВстреча вице-президента с делегацией из ПМР
Встреча вице-президента с делегацией из ПМР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, жәабран 14 рзы Витали Габниа Приднестровиатәи аделегациа идикылеит. Аиԥылараан ирылацәажәан ареспубликақәа рыҩба рыбжьара аусеицуреи ԥхьаҟатәи апланқәа рышьақәыргылареи.

АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа идикылеит Приднестровиа Молдавиатәи ареспублика аекономикатә ҿиара аминистр, Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Оболоники атәала астратегиатә ҿиара азҵаарақәа рзы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алексеи Цуркани.

"Ҳаизыҟазаашьақәа рхарҭәаара адагьы, ҳара иаҳҭахуп зегьы ирдыруазарц Приднестровиеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыуаажәлар ҳара ҳзы зегь раасҭа иаҳзааигәоу, иҳашьцәоу шракәу. Дареи ҳареи лахьынҵала акыр ҳаиԥшуп, азеиԥш ҭоурых ҳамоуп. Дара ҳара ииҳадгылан реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раан. Иҟоуп абра анышә иамадоугьы. Уи ҳара аҭакԥхықәра ду ҳаҵанаргылоит", — иҳәеит Витали Габниа.

Витали Габниа иазгәеиҭеит ареспубликақәа ишрымоу алшара еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны аинырразы, аусеицуразы.

"Приднестровиа инхоит 12-ҩык ампутантцәа, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз. Аортопедиатә наплакқәа рыргылара уаҟа хра амамызт азы ампутантцәа апротезқәа Одесса ирзыҟарҵон. Иахьатәи ҳҭагылазаашьа иалнаршоит асеиԥш иҟоу амаҵзурақәа иара абраҟа ирыдаагалар. Мышқәак раԥхьа арахь иааны иҟаз апротезқәа рзыҟаҳҵеит", — иҳәеит Габниа.

Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла Аԥсни Приднестровие рҽазыршәоит аекономикатә еизыҟазаашьақәагьы рышьақәыргылара.

Рауль Ҳаџьымба ПМР ашьаҭаркра 25 шықәса ахыҵра Шевчук идиныҳәалеит

Приднестровиа Молдавиатәи ареспублика аекономикатә ҿиара аминистр, Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Оболоник иҳәеит авизит хықәкны иамоу аҩҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа еиҳагьы аҿиара рыҭароуп ҳәа.

"Авизит хықәкны иамоуп апрактикатә еизыҟазаашьақәа рахь аиасра, аинырра ахырхарҭа ҷыдақәа ралкаара. Иахьазы иазыԥхьагәаҭоуп аекономика аминистри аџьеи, аусура амазаареи, асоциалтә еиқәыршәареи рминистри ҳареи ҳаиԥылара", — иҳәеит Оболоник.

Иара иҳәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа, Приднестровиа атәылауаа ргәабзиара аиҭашьақәыргылара ишаҿу. Оболоник иазгәеиҭеит Аԥсни Приднестровиеи егьырҭ ахырхарҭақәа рылагьы реинырреи русеицуреи шдырҿиало.

Ажәабжьқәа зегьы
0