Руслан Дорошенко Италиантәи ацхыраара иоуеит

© Sputnik Сария КварацхелияРуслан Дорошенко
Руслан Дорошенко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәаха шықәса зхыҵуа Руслан Дорошенко игәы амалыр амоуп. Ахәыҷы 8 операциак изырухьеит. Уажәы аҵыхәтәантәи, ажәбатәи аоперациа изутәуп.

АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Италиатәи Агәыҳалалратә Ассоциациа "Помогите спасти детей" (AiutateciaSalvareiBambiniOnlus) еизнагеит ԥшь-нызқь евро Руслан аоперациа изуразы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Агәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор инапынҵақәа назыгӡо Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Ииасыз ахашаҽны ҳара ихацҳаркит Руслан Дорошенко изы аԥареизгаратә акциа. Ауаа асоциалтә ҳақәа рҟны ирыладырҵәеит акциа шымҩаԥысуа. Аинформациа рыланарҵәеит агазеҭ "Республика Абхазия". Уи аинформациа рбеит Италиатәи Ассоциациҿы. Агазеҭ акорреспондент Есма Арџьениаԥҳа лыла рыҽҳамардеит. Ирҳәеит ишазыхио 1000 евро рҟынӡа аизгара шрылшо. Хымш ааҵуан аҽа 3000 евро еизыргеит", — лҳәеит лара.

Мактина Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьынџьалԥҳа акциа "Игәыҳалалу ашәахьа" иазкны: зегьы рхы аладырхәыр ҟалоит

"Ашана" адиректор инапынҵақәа назыгӡо лажәақәа рыла Руслан иоперациа амҩаԥгаразы аԥареизгара активла иаҿуп.

"Аԥсынгьы активла аԥареизгара иаҿуп. Ауаа дасу ирылшо еизыргоит. Иахьазы 300 000 мааҭ еизыргахьеит. Иааиуа амчыбжь азы аԥареизгара аҳаркуеит, избанзар иахәҭо аҟынтәи 30% еизаагахьеит, иаанхаз 70% афонд-партнер "Российский фонд помощи" иханарҭәаауеит", — иазгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.

Руслан Дорошенко Томсктәи аҭҵаарадырратә институт аҟны ишьҭаҵара азҵаарагьы ӡбатәуп иаарласны.

"Ахәыҷы аамҭа иахмырԥакәа аоперациа изыҟаҵатәуп азы аклиникаҿы адырра рыҭатәуп. Иазымхо аԥара ааизганы аклиника иахыԥхьаӡалатәуп", — лҳәеит Мактина Џьынџьалԥҳа.

Руслан ичымазара ахьӡ ҷыда амоуп: "Тетрада Фалло". Уи амалыр змоу агәы еиҳа иуадаҩу хкны иҟоуп.

© Sputnik Сария КварацхелияРуслан Дорошенко
Руслан Дорошенко - Sputnik Аҧсны
Руслан Дорошенко

Томск имҩаԥырго аоперациа ахә дууп: миллионки 65 нызқь мааҭ иаԥсоуп. Аԥсны 319 000 мааҭ рзеизгар, иаанхо афонд апартниор "Русфонд" иашәоит. Ахәыҷы иҭаацәа зылшара маҷу ҭаацәароуп.

Аоперациаз иахәҭо аԥара еизгахар, Руслан ишиҭаху еиԥш дыспортсменхаргьы алшоит, иҟалоит уи азы игәаҳәара наӡаргьы. Руслан ицхыраара ауеит аномер 5050 ахь смс нашәышьҭыр. Иара убасгьы иҟалоит амаҵзура "Перенос баланса" – "Благотворительность" ала аԥара нашәышьҭыр. Уи азы илхтәуп *147* ииажәго аԥара ахыԥхьаӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0