Аԥснытәи акоманда аиааит Шәача имҩаԥысуаз аинтеллектуалтә хәмарраҿы

© Фото : Манвел ДепелянИгра "Что? Где? Когда?", команда "Хромая сороконожка и Гоша"
Игра Что? Где? Когда?, команда Хромая сороконожка и Гоша - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәача ақалақь абжьаратә ҵараиурҭақәа астудентцәеи, аҿартә хеилакқәа алахәылацәеи жәабран 17 аҽны имҩаԥыргеит аинтеллектуалтә хәмарра "Иарбан? Иаба? Ианба?" актәи ахәмарра.

АҞӘА, жәабран 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи акоманда аиааит Шәача имҩаԥысуаз аинтеллектуалтә хәмарра "Иарбан? Иаба? Ианба?" иреиҳау алига раԥхьатәи ахәмарра, абри атәы иҳәеит акоманда алахәыла Манвел Депелиан.

"Ари алхратә аетап ауп, анаҩсан Краснодар имҩаԥгахоит аицлабра, уи ашьҭахь урыстәылазегьтәи ахәмарра аетап ахь ҳнеиуеит. Ҳкоманда асасцәа ркоманда аҳасабала ааԥхьара рыман", — иҳәеит иара.

Аԥснытәи акоманда идырҳаит 36 балл рахьынтә 16 балл. Аицлабраҿы аҩбатәи аҭыԥ ранашьахеит Шәачатәи акоманада "Гвардия от ума".

"Аҩбатәи ахәмарра иреиҳау алига "Иарбан? Иаба? Ианба?" мҩаԥысуеит хәажәкырамзазы, аихшьаалатә еицлабра — мшаԥымзазы. Лаҵарамза анҵәамҭазы аԥхьахә згаз Краснодартәи атәылаҿацә еидызкыло аетап ахь ҳнеиуеит. Ҳкоманда ахәмаррақәа еснагь ирылахуп, ҳара-ҳара ҳанеицыхәмаруагьы ыҟоуп. Азҵаарақәа еиҳарак изызкыз алитература, аҭоурых роуп", —  иҳәеит Депелиан.

Шәача ақалақь абжьаратә ҵараиурҭақәа астудентцәеи, аҿартә хеилак алахәылацәеи жәабран 17 аҽны имҩаԥыргеит аинтелектуалтә еицлабра Иарбан? Иаба? Ианба? актәи ахәмарра.

Аинтеллекталтә хәмарра зынӡа иалахәын 23 команда.

Ажәабжьқәа зегьы
0